АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Цәыббра.2025

Сергеи Кириенко иҭаацәа ахьынхоз аҩны анеҭашьақәыргылахалак ашьҭахь Оҭар Хәынцариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә жәлартә инструментқәа роркестр ҳамҭас иаҭахоит.

Аҟәа.  Цәыббрамза 6, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа, Лакоба имҩаҟны иҟоу Сергеи Кириенко иҩны ҳамҭас иаҭахоит Оҭар Хәынцариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә жәлартә инструментқәа роркестр.

Сергеи Владилен-иԥа азыӡба идикылеит аҩны иара ихарџь ала аиҭашьақәыргыларазы, аха уи аиҭашьақәыргылара ашьҭахь Оҭар Хәынцариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә жәлартә инструментқәа роркестр ҳамҭас аҭара аинструментқәа рыҟаҵаразы аҟазарҭеи аԥсуа милаҭтә инструментқәа рыҟны ахәмарра арҵара иазку азалқәеи раҳасабала хархәара аҭаразы.

Иазгәаҭатәуп аорекстр анаԥҵаз аахыс аҽазыҟаҵарҭатә зал шамамыз.

Абри атәы иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аҟәа Администрациа Ахада Ҭемыр Агрба иԥылараан.

Аҳәынҭқарра Ахада ақалақь Администрациа анапы ианиҵеит ари апроект анагӡараҟны ацхыраара, адгылара аҭара. 

 

 


Read 146 times - Амҽыша, 07 Цәыббра 2025 22:51
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.