АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 17:08

Бадра Гәынба Константин Затулин иира Амш идиныҳәалеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 7, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахада Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутат, ҳаҭыр зқәу Аԥсны атәылауаҩ Константин Затулин иира Амш инамаданы ҭелла дидныҳәалеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аҳәынҭқарра Ахада Константин Затулин иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Аԥсны иаиҭо ганрацәалатәи адгыларазы.

«Шәара Аԥсназы иуадаҩыз аамҭақәа раан есқьынгьы ҳажәлар шәрыдгылан, атәыла аинтересқәа хьчо.

Шәара ҳмилаҭтә ԥыза ду, Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Арӡынба шәидгылан. Иахьагьы ҳтәыла ганрацәалатәи ацхыраара ашәҭоит, уи азы иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит. Аԥсны жәлар ҳаҭыр шәықәырҵоит, есқьынгьы ҳрсепубликаҟны шәбара иеигәырӷьоит», —  ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба.

Аҳәынҭқарра Ахада Константин Затулин изеиӷьеишьеит агәабзиара, аихьӡарақәа.

 


Read 151 times - Амҽыша, 07 Цәыббра 2025 23:19
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.