АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Цәыббра.2025

Ахақәиҭра ашҭаҿы иҟоу Аминистрцәа Рсовет ахыбра аиҭарҿыцра иазку апроект азы аицлабра рылаҳәахоит.

Аҟәа. Цәыббрамза 6, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа, Ахақәиҭра ашҭаҿы иҟоу Аминистрцәа Рсовет ахыбра аиҭарҿыцра иазку апроект азы аицлабра рылаҳәахоит.

Убри аан Аҳәынҭқарра Ахада адҵа ҟаиҵеит атәыла аҭоурых-культуратә ҭынха абаҟақәа рсиа иаҵанакуа наҟ-ааҟ иҟоу ахыбра аганқәа реиқәырхаразы. 

«30 шықәса раахыс ари ахыбра аиҭашьақәыргылара алыршаӡам, аҳҭнықалақь ахаҿра ԥхасҭанатәуеит», — иҳәеит Ахада.

Бадра Гәынба иажәақәа рыла, ихадоу ашҭаҟны игылоу ари ахыбра аиҭашьақәыргылара мамзаргьы иҿыцу аобиект аргылара аҳҭнықалақь мацара акәымкәа, атәыла зегьы аиҭеира иасимволны иҟалароуп.

 

 

 

 

 


Read 91 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.