Алла Белиаева аминистр иҭабуп ҳәа иалҳәеит илоуз агәрагаразы. «Сара агәыӷра сымоуп асанитартә маҵзуреи ҳареи ҳамчи ҳахшыҩи еилаҵаны ҳаԥхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа зегьы рынагӡара шҳалҳаршо», - ҳәа илҳәеит лара.
10.Жьҭаара.2022
АЛЛА БЕЛИАЕВА АРЕСПУБЛИКАТӘ САНИТАР-ЕПИДЕМИОЛОГИАТӘ СТАНЦИА АҲАҚЬЫМ ХАДАС ДҞАҴОУП. АБХ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Ареспубликатә санитар-епидемиологиатә Маҵзура аколлектив анапхгаҩы ҿыц Алла Иван-иԥҳа Белиаева дыдирдырит.
«Алла Иван-иԥҳа, Шәара иахьарнахыс напхгара ашәҭалоит акыр идуу, зажәеи зуси еимадоу аколлектив. Ҳара ҳаицхырааны асанитар-епидемиологиатә Станциа аусура даҽа ҩаӡарак ахь ицәыраҳгароуп. Шәара зеиӷьаҟам ала ижәдыруеит агәабзиарахьчара Аминистрра ала шәаԥхьа игылоу ауснагӡатәқәа ртәы. Акоронавирустә ҿкы чымазара макьана инымҵәаӡацт, адунеи зегьы аҿы уи ацәырҵрақәа маҷӡам, агәҽанызаара армаҷра ахәҭаӡам. Шәара ари аус аҿы ззанааҭ шьахәлаҵәҟьа издыруа уаҩуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит аминистр