АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Жьҭаара.2022

АИБАШЬРА АВЕТЕРАН ЕКАТЕРИНА СИНИАВСКАИА 100-ШЫҚӘСА ЛХЫҴРА ЛЫДЫРНЫҲӘАЛЕИТ. .

Аҟәа. Жьҭаарамза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иқәынхо аурыс еитәылауаа Реиҿкаареи Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа арратә база аоркестри, иахьа шәы-шықәса зхыҵыз Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеран Екатерина Синиавскаиа лыҩны аҿаԥхьа аконцерт еиҿыркааит.

Аусмҩаԥгатә аиҿкаара рхахьы иргеит Гәылрыԥшь араион Ахадареи Гәылрыԥшь араион ауаажәларратә еиҿкаарақәеи «Гәлрыԥшь. Аурыс еиҩызара», «Урыстәыла атәылауаа рзинхьчара Ацентр», иара убас акультуратә фонд «Платформа», Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу Москватәи акультура-усуратә Центр «Москва Аҩны», агәыҳалалратә фонд «Адгылара».

Ауаажәларратә еиҿкаарақәа рнапхгаҩцәа аветеран илыдныҳәало иқәгылеит, уи аамышьҭахь урыстәылатәи арратә база аоркестр амузыкатә композициақәа нанагӡеит.  Екатерина Синиавскаиа лнапы иадыркит ашәҭқәеи аҳамҭақәеи.  

Екатерина Синиавскаиа диит жьҭаарамза  10, 1922 шықәса рзы, Красноиарсктәи атәылаҿацә, Ирбеисктәи араион, Хомутовка ақыҭа аҿы. Ԥыҭрак ашьҭахь лан лчымазара иахҟьаны уи лҭаацәа зегьы нхара ҳәа Аԥсныҟа иааит. 1942 шықәсазы Екатерина Синиавскаиа Ар Ҟаԥшь архәҭақәа дрылалеит. Раԥхьа уи аԥшыхәыҩ-харашәагаҩыс дыҟан, анаҩс априборхылаԥшҩыси аимадаҩыси дҟалеит. Иаалырԥшыз активра азы уи зны абатареиа, анаҩс адевизиони хазы игоу аҵәҩанҵәхысга-хыԥсаҟьагатә баталиони  ркомсоргс дҟаҵан. Арратә уалԥшьа налыгӡон Кавказнҭыҵтәи аҳаиртә хыхьчара афронт аҿы, уи абаталион аилазаараҿы аҳаиртә ҵакыра афашисттә авиациа ақәыларақәа рҟынтәи  рацәыхьчара далахәын.

Иапониатәи аибашьра далахәын. 1945 шықәсазы Екатерина Сениавскаиа лырратә маҵзура ахьыналыгӡоз аҵәҩанҵәхысга-хыԥсаҟьагатә баталион актәи Харатәи Амрагылара афронт аилазаара иалалеит.

Илымоуп арратә ҳамҭақәа: Аџьынџьтәылатәи еибашьра аорден II аҩаӡара, «Аибашьратә лшамҭа азы», «Кавказ ахьчаразы», «Германиа Аиааира азы», «Иапониа Аиааира азы»  амедалқәа ланашьоуп.


Read 304 times - Аҩаша, 11 Жьҭаара 2022 12:57
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.