АЖӘАБЖЬҚӘА

11.Жьҭаара.2022

АԤСНЫ АТӘЫЛАХЬЧАРА АМИНИСТРРА 30 ШЫҚӘСА АХЫҴИТ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны Арбџьармчқәа раԥҵара амш 30 шықәса ахыҵит.

Шьыжьы инаркны атәылахьчара аминистр Владимир Ануа инапхгарала Аԥсны атәылахьчара Аминистрра аруаа  Аҟәа, Ахьӡ –аԥша апарк аҿы игылоу, 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз афырхацәа рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Аруаа иара убас Аԥсны Актәи Ахада Владислав Арӡынбеи Аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшьи  Аԥсны раԥхьатәи атәылахьчара аминистр Владимир Аршбеи ԥыхьатәи атәылахьчара аминистр Владимир Миканбеи (1996 – 2002 шш.). анышә иахьамадоу инеины ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵоит.

Асааҭ 13:00 рзы Аԥсны атәылахьчара Аминистрра  30 - шықәса ахыҵра иазкны аныҳәатә еизара мҩаԥгахоит.

 

 


Read 327 times - Аҩаша, 11 Жьҭаара 2022 10:35
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.