АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Жьҭаара.2022

ГАЛ АРАИОН АХАДАРА АУААԤСЫРА ЕГРЫ АӠИАС АҨАӠАРА АШЬҬЫҴРА АЗЫ РГӘЫРҼАНЫРҴЕИТ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ақәоурақәеи Егры аӡиаси уи аӡымахәқәеи рҿы аӡы аҩаӡара акыр ашьҭыҵреи инарымаданы, Гал араион Ахадара ауааԥсыра аӡиас азааигәара имнеирц, агәҽанызаара аадырԥшларц азы алаҳәара ҟанаҵеит.

Гал араион аҳәаа иаԥну аиланхарҭатә ҭыԥқәа рҿы Егры аӡиас азааигәара иҟоу ахархәаратә аарыхырҭақәеи арахәҳәырҭақәеи ақәаарыхырҭақәеи ахьырацәоу инамаданы, аӡхыҵра  иахҟьаны адгьылҳәазареи аҿыбгареи ҟалар алшоит. Уи  аҭыԥантәи ауааԥсыреи арахәи  рзы хымԥада ашәарҭара ацуп.

Араион Ахадара ауааԥсыра рахь аҳәара ҟанаҵоит аҭагылазаашьа ҭышәынтәалаанӡа, аӡы аҩаӡара лаҟәаанӡа изеиԥшразаалак  ақыҭанхамҩатәии егьырҭ аусурақәеи, арахә рырҳәреи  мап ацәыркырц.


Read 317 times - Аҩаша, 11 Жьҭаара 2022 10:21
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.