АЖӘАБЖЬҚӘА

04.Жьҭаара.2022

АԤСНЫ АХӘААХӘҬРА–ААГЛЫХРАТӘ ПАЛАТА АПРЕЗИДЕНТ ГЕРМАНИАНТӘИ АДЕЛЕГАЦИА ЛЫДЫЛКЫЛЕИТ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 4, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата Апрезидент Ҭамила Мерцхәлаа Германиа иҟоу Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата аофициалтә Хаҭарнак Вольфгангом Матцке напхгара зиҭо Германиатәи Афедеративтә Республика аҟынтәи аделегациа лыдылкылеит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата апресс-маҵзура.

Аиԥылараҿы ирылацәажәеит Аԥсны Ахаҭарнакра Германиа аусура атәы, Аԥсни Германиеи рбизнес-еилазаарақәа рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵаразы иҟоу аспектқәа, уҳәа.

Ҭамила Мерцхәлаа аҳәаанырцә ареспублика аӡыргара иазку хыԥхьаӡара рацәала аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥызго, аҩҳәынҭқаррак рбизнес-еилазаарақәа реизыҟазаашьақәа рыҿиара хықәкыс иҟаҵаны аусдкылаҩцәа реиԥыларақәа еиҿызкаауа Вольфганг Матцке иусура азгәалҭеит.

Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата Апрезидент илыҿцәажәо асасцәа аусдкылара, иара убас анемец технологиақәа рыла Аԥсны амедицинатә центр аартра аинвестициақәа ралагалара иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.

Убри инамаданы, Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата анапхгараҭара анемец делегациеи Аԥсны агәабзиарахьсара аминистр Едуард Быҭәбеи реиԥылара еиҿнакааит.

 


Read 310 times - Ашәахьа, 10 Жьҭаара 2022 21:57
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.