АЖӘАБЖЬҚӘА

04.Жьҭаара.2022

АНЕМЕЦ ҲАҚЬЫМЦӘА АПОЛИКЛИНИКАҚӘА РУСУРА АИҾКААРА АГАНАХЬАЛА ИРЫМОУ АԤЫШӘАЛА АИМДАРА ИАЗХИОУП.

Аҟәа. Жьҭаарамза 4, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Германиа иҟоу Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата ахаҭарнак Вольфганг Матцке,, Берлинтәи амедицинатә Центр «Хелле Митте»  адатә хирург  Ульрих Руппеи Европа иҟоу китаитәи акомпаниақәа  рконсультант Гуо Сииа дырԥылеит.   

Аиԥылара иалахәыз атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра аполиклиникақәа русура аиҿкаара аганахьала абжьгаратә цхыраара аҭара алыршара иалацәажәеит. 

«Ҳара аполиклиникақәа русура аиҿкаара аганахьала аԥышәа ду ҳамоуп, уи аԥснытәи ҳколлегацәа рымадара ҳазхиоуп», - ҳәа иазгәеиҭеит Ульрих Руппе.

«Ҳара иаадыруеит Германиа иҟоу амедицина аҩаӡара атәы. Ҳара ҳаспециалистцәа шәԥышәа рымажәдар, уи акыр хра злоу усхоит», - ҳәа иазгәеиҭеит агәабзиарахьчара аминистр.

Аиԥылара ахыркәшамҭаз уи иалахәыз зегьы анаҩстәи аусеицура алыршаразы рконтактқәа еимырдеит.


Read 343 times - Ашәахьа, 10 Жьҭаара 2022 21:55
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.