АЖӘАБЖЬҚӘА

04.Жьҭаара.2022

ЛАША АШӘБА ИДЫРЫМ АСОЛДАҬ ИҲАҬГӘЫН АҞНЫ АШӘҬШЬЫҴӘРАҚӘА ШЬҬЕИҴЕИТ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 4, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Лаша Ашәба Идырым Асолдаҭ иҳаҭгәын аҟны ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит. Урыстәылатәи Афедерациаҟны официалтә визитла рыҟазаараан Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Александр ихьӡ зху абаҳчаҿы Кремльтәи аҭӡы амҵан Идырым Асолдаҭ иҳаҭгәын аҟны ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.

Ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониаҟны Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аделегациа дацын Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Сергеи Неверов.


Read 292 times - Ашәахьа, 10 Жьҭаара 2022 21:53
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.