АЖӘАБЖЬҚӘА

04.Жьҭаара.2022

САИДА ДЕЛБА АГӘАБЗИАРАХЬЧАРА АМИНИСТР ИХАҬЫԤУАҨЫС ДҞАҴОУП.

Аҟәа. Жьҭаарамза 4,  2022. Апсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб иҭижьыз Ақәҵарала, Саида Иури-иԥҳа Делба агәабзиарахьара аминистр ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп.

Аԥыза-министр ихаҭыҭуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба агәабзиарахьчара Аминистрра аколлектив иахьа дыдирдырит аминистр ихаҭыԥуаҩ ҿыц.

«Агәра ганы сыҟоуп, шәара шәусура азнеишьа, шҽазышәарақәа, шәдыррақәеи шәылшарақәеи иахьа зыдгалара мҩаԥааго аминистр ихаҭыԥуаҩ ҿыц лмаҵуратә ҭакԥхықәра анагӡараҿы ишлыцхраауа», - ҳәа аколлектив рахь ихы рханы иҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Владимир Делба.

Уи иара убас иазгәеиҭеит, атәыла анапхгара аринахысгьы агәабзиарахьсара асистема ҷыдала ахшыҩзышьҭра шанаҭало.

«Сара жәаҳәарада исдыруеит, Саида Иури-иԥҳа лус дшазҟазоу, гәахәаралагьы исыдыскылоит уи иахьа аминистр ихаҭыԥуаҩыс дахьыҟало. Анаҩсгьы ҳтәылауаа ацхыраара рыҭара азы ҳамчи ҳахшыҩи еибыҭа аус еицааулоит», -ҳәа иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба. 

Саида Делба илоуз агәрагара ду азы иҭабуп лҳәеит. Уи иара убас хра злоу аусура азы аколлектив адгылареи ацхыраареи шылҭаххо азгәалҭеит.

Саида Делба акыр шықәса раахыс агәабзиарахьчара асистема аҿы аус луеит.  Аминистр ихаҭыԥуаҩыс дҟалаанӡа уи агәабзиарахьчара Аминистрра ахәышәтәра-профилактикатә цхыраара аусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩыс аус луан. 


Read 344 times - Ашәахьа, 10 Жьҭаара 2022 21:59
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.