АЖӘАБЖЬҚӘА

04.Жьҭаара.2022

АСЛАН БЖАНИА «АԤСНЫ АШӘҞӘЫ ШКӘАКӘА» АСОАВТОРЦӘА, АҴАРАУАА ПАВЕЛ ФЛОРЕНСКИИ УИ ИԤШӘМАԤҲӘЫС ТАТИАНА ШУТОВЕИ ИДИКЫЛЕИТ.

Аҟәа.  Жьҭаарамза 4, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада»Аԥсны ашәҟәы шкәакәа» асоавторцәа, аҵарауаа Павел Флоренскии уи иԥшәмаԥҳәыс Татиана Шутовеи идикылеит.

Аҳәынҭқарра Ахада жьҭаарамза 4 рзы, ахәылбыҽха дидикылеит урыстәылатәи аҵарауаҩ, агеологиа-минералогиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, Урыстәылатәи Иԥсабаратәу аҭҵаарадыррақәа ракадемиа  академик, Урыстәыла Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла, Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла алахәҩыла Павел Флоренскии уи иԥшәмаԥҳәыс афилолог, Леон иорден занашьоу, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан москватәи агазеҭқәа жәпакы рыҟны арратә корреспондентс иҟаз Татиана Шутовеи.

Асасцәа аԥсшәа раҳәо, Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа аҵарауаа иҭабуп ҳәа реиҳәеит аԥсуа жәлар рҭоурыхи ркультуреи раларҵәараҟны рлагаламҭазы. «Ҳара ҳзы гәахәароуп арҭ аныҳәамшқәа раан шәахьҳадгылоу, жәашықәсала иҟазааит ас еиԥш иҟоу аиԥыларақәа», - ҳәа иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Асасцәа Аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа иарҳәеит аиԥыларазы, иалацәажәеит ҳазҭагылоу аамҭазы рнапы злаку, иара убас аԥхьатәи рыгәҭакқәа ртәы. «Ҳара гәахәарыла Аԥсны амаҵ азаҳур ҳҭахын макьана», - ҳәа илҳәеит Татиана Шутова Аԥсны Ахада иԥылараан.

 


Read 314 times - Ашәахьа, 10 Жьҭаара 2022 21:39
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.