АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Рашәара.2025

Бадра Гәынба: аԥхынра Аԥсны ахала афымцамч ахарџь ахҩара алшоит.

Аҟәа. Рашәарамза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥхынтәи аамҭахәҭазы ареспублика аҿы инырхо афымцамч ахәԥса ашәара алшоит, аха аӡынра атәыла анапхгара амчхара адефицит иазыԥшуп, ҳәа Урыстәыла аинформациатә Маҵзура ТАСС акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба.

«Иахьа ҳара ҳреспублика ҳхатәы генерациа ала афымцамч ала еиқәҳаршәоит. Уажәы, аԥхынтәи аамҭахәҭазы  аӡеизакырҭахь инеиуа аӡы амҽхак ареспублика афымцамч аныхтә ахҩаразы иазхартә иҟоуп. Аха, ҳәарада, аӡынтәи аамҭахәҭазы ҳара афымцамч азымхара иадҳәаланы ауадаҩрақәа ҳазцәырҵраны иҟоуп. Иарбоу азҵаара аӡбара ҳаҿуп, урыстәылатәи ҳколлегацәа радыԥхьаларалагьы уахь иналаҵаны. Аперспективазы асистематә усқәагьы аус рыдулара мҩаԥаагоит, абар мызқәак  рышьҭахь афымцамч ала аиқәыршәара иадҳәаланы иӡбатәны иаақәгылараны иҟоу азҵаарақәа рыӡбара ҳҽазаҳшәоит», – ҳәа иҳәеит иара.  

Бадра Гәынба иажәақәа рыла, ареспублика аенергетикатә усхкы мҽхакы ҭбаала алагалақәа аҭахны иҟоуп.

Ареспублика анапхгара аибашьра ашьҭахьтәи аамҭахәҭа зегьы иалагӡаны ( 1993 шықәса инаркны – аред. АП азгәаҭа) еизаз асистематә зҵаарақәа зегьы оперативла рыӡбара азы алшарақәа амаӡам, аха уи аенергетикатә кризис алҵразы иҟаҵатәу ашьаҿақәа рзы азԥхьагәаҭарақәа амоуп.  

«Ҳара Урыстәылатәи Афедерациа анапхгараҿы еиԥш, хаҭала Владимир Владимир-иԥа Путин иԥылараан ҳреспублика еиԥҟьарада афымцамч ала аиқәыршәара иадҳәалоу апроблематика ҳалацәажәеит. Сақәгәыӷуеит, ҳаиԥылараҿы ҳазлацәажәаз анаҩс анагӡара алыршахап ҳәа», - иазгәеиҭеит Бадра Гәынба.


Read 160 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.