АЖӘАБЖЬҚӘА

01.Рашәара.2025

Лаша Ашәба: Ахәыҷқәа ҳрыхӡыӡаауа урҭ рзы иахьа иҟаҳҵо, уаҵәы ҳреспублика аҿиараҟны ианымԥшыр ауӡом.

Аҟәа. Рашәарамза 1, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Лаша Ашәба Жәларбжьаратәи ахәыҷқәа рыхьчара Амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.

Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Акыр иаԥсоу аҩызцәа!

 

Ишәыдысныҳәалоит Жәларбжьаратәи ахәыҷқәа рыхьчара амш! 

Ари аныҳәа ҷыдала изызку ахәыҷқәа роуп. Урҭ рзы иҿыцу, еиӷьу аԥсҭазаара аԥаҳҵарц ҳҭахуп, ҳажәлар рытрадициақәа, ркультура еиқәырханы иаахгоит. Ахәыҷқәа ҳрыхӡыӡаауа урҭ рзы иахьа иҟаҳҵо,  уаҵәы ҳреспублика аҿиараҟны ианымԥшыр ауӡом. 

Абри аныҳәа аҽны иалкааны иҭабуп ҳәа раҳҳәар ҳҭахуп аҭаацәа, арҵаҩцәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра абиԥара ҿыцқәа реиҵааӡара знапы алаку зегьы. Шәара ирышәҭо абзиабара, аԥхарра ахәыҷра насыԥ шьаҭас иамоуп хымԥада. 

Акыр иаԥсоу ахәыҷқәа, илашазааит, ихирзааит шәара шәзы ари аныҳәамш, алахҿыхрала, агәеизҳара ацзааит.   

Аԥсны Аҳәынҭқарра иқәынхо ахәыҷқәа зегьы ргәы бзианы, насыԥ рыманы иаԥылалааит есышықәса ари аныҳәа, реизҳара, рыҿиара мҩаԥыслааит ақәҿиарақәа, аихьӡарақәа рыцны.

 


Read 110 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.