Иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, сынтәа аҳәынҭқарратә биуџьет ахь иалагалан 745 млн. мааҭ рыла еиҳаны.
Абиуџьет иалагалаз ахатәы хашәалахәқәа реицҵалыҵ 4 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡоит, уи 2024 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны 530 млн. мааҭ рыла еиҳауп.
Аԥсны ареспубликатә биуџьет ахашәалахәы амҽхак жәабран аказы 4,6 миллиард мааҭ рҟынӡа инаӡеит, уи иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны 369 млн. мааҭ рыла еиҳауп. Урҭ рахьынтә ахатәы хашәалахәқәа – 2,5 млрд. мааҭ, рҟынӡа инаӡоит, 2,1 млрд. мааҭ – урыстәылатәи афинанстә цхыраара аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥаратә ахархәагақәа ауп.
Ареспубликатә биуџьет ахашәалахәқәа реизҳара иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны 7 %, мамзаргьы 155 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит.
Хәымз рыҩныҵҟа аҳәынҭқарратә биуџьет ахашәалахәы арбагақәа рынагӡара 6,1 миллиард мааҭ артәеит, уи 2024 шықәсазы абри аамҭазы иҟаз аасҭа 745 миллион мааҭ еиҳауп, ахарџьқәа рзы – 5,6 миллиард мааҭ.
Хазҭоу ашықәс хәымз рыҩнуҵҟа аусбарҭатә программақәа рынагӡаразы 360 миллион мааҭ азоужьуп, аԥаратә хархәагақәа реиҳарак, 250 миллион мааҭ инареиҳаны – агәабзиарахьчаратә программақәа рынагӡаразы иазоужьхеит.
Аҳәынҭқарратә хықәкытә программа «Анхарҭа 2023-2025» анагӡаразы иазоужьын — 11 млн. мааҭ. Апрограмма анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгаз афинансыркра иабзоураны аҳәынҭқарратә хықәкытә программа алахәхаразы асертификат зауз 11-ҭаацәара анхарҭа аархәеит.
Аҵареи, акультуреи, аспорти ирызку аусмҩаԥгатәқәа рзы – 90 млн. мааҭ.
Хазы игоу акатегориақәа ирыҵанакуа Аԥсны атәылауаа рсоциалтә цхыраара ашәарақәа — 88 млн. мааҭ.
300 млн. мааҭ инареиҳаны — асоциалтә инфраструктура аиҭашьақәыргыларазы иазужьхеит.
Еиҭашьақәыргылоуп 76 хыбра инареиҳаны – ашколқәа, ауадарацәа змоу аҩнқәа, амҩадуқәа, аҟәарарӷәӷәаратә усурақәа, амшцәгьақәа рыхҟьаԥҟьақәа рықәгара.
Аҳәынҭқарра Ахадеи атәыла Анапхгареи ррезервтә фонд аҟынтәи 530-ҩык атәылауаа 53 миллион мааҭ рҟынӡа хықәкылатәи ацхыраара рыҭоуп.
Аԥыза-министр ареспубликатә биуџьет ахь ахашәалахәқәа ралагалара амҩаԥысшьа азгәеиҭеит.
«Даара ҳақәгәыӷуеит алагалақәа рхышәа ҵышәа еиҳахап ҳәа. Иҳаҩсыз ашықәс иаҿырԥшны 155 млн. мааҭ рыла аизҳара – ари ҳәарада хра злоу усуп, аха еиҳа еиӷьзаргьы ауеит. Акырӡа аанагоит аԥаратә хархәагақәа ианаамҭоу абиуџьеттә система ахь ралагалара алыршареи уи ахылаԥшра аҭареи», - ҳәа иҳәеит Владимир Делба.
Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит ихадоу абиуџьет аныхтәқәа рахь ишаҵанакуа аҳәынҭқарра асоциалтә политика афинансыркра, ақыҭанхамҩа аусхкы аҿы аҳәынҭқарратә дгылара иадҳәалоу ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара, аекономика аусхкқәа рыҿиара, уҳәа иадҳәалоу аныхтәқәа.