Лара лажәа иацҵо акыр шықәса ирылагӡаны ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы ицәыргақәҵахон ҳаамҭазтәи асахьаҭыхыҩцәеи амузеитә експонатқәеи, избан акәзар Аҳәынҭқарратә сахьатә галереа мацара аҵәахырҭа арежим ала аус ауан, уи иамаӡамызт ахатәы цәыргақәҵатә ҵакыра ҳәа иазгәалҭеит.
Ельвира Арсалиа азал аусура аҿы акыр зҵазкуа хырхарҭаны илыԥхьаӡоит акультура-ҵарадырратә проектқәа. Иаагозар, ҩы-шықәса раԥхьа, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университети А.Чачба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә асахьаҭыхратә ҵараиурҭеи аус рыцура аҳәаақәа ирҭагӡаны ихацыркын апроект «Ацәыргақәҵатә зал Хада алектори» («Лекторий ЦВЗ»). Лара агәра ганы дыҟоуп, ацәыргақәҵа ахала акультуратәи аҵарадырратәи аҵакы ада аус ауӡом, аемоцианалтә нырра арӷәӷәара азы хымԥада аконтекст аҭахуп ҳәа илыԥхьаӡоит. Ельвира Арсалиа иара убас абар шықәсқәак ирылагӡаны хазхаҭалатәи аколлекционарцәа аус рыцурала инагӡахо апроект «Сахьак аҭоурых» («История одной картины») атәы еиҭалҳәеит.
«2024 шықәса ажьырныҳәамза 20 – 21 ауха Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахыбраҿы иҟалаз, Амилаҭтә сахьатә галереиа афонд аҟынтәи 4000 сахьа ахьалаблыз абылра ашьҭахь, аколлекционерцәа аус рыцурала мацара иалыршахеит ахатәы коллекциақәа рҟынтәи асахьаҭыхыҩцәа рсахьақәа рцәыргақәҵара», - ҳәа иазгәалҭеит лара.
Ельвира Арсалиа, ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы ареконструкциа ашьҭахь ацәыргақәҵақәа рнаҩс жәларбжьаратәи уахь иналаҵаны, акультура-ҵарадырратә проектқәагьы рынагӡаразы алшара ҟалоит ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит. Ус еиԥш иҟоу аԥышәа ыҟоуп:
«Ҩы-шықәса раԥхьа ҳара ҳҿы имҩаԥысит афотосахьаҭыхыҩ, Урыстәыла асахьаҭыхыҩцәа Рырҿиаратә еидгыла алахәыла, ауаажәларратә усзуҩ, аныҟәаҩ, аҭҵааҩы Ида Таубе Чукотка иазкыз лфотосахьақәа рцәыргақәҵа.
Лықәгылара ашьҭахь ацәыргақәҵатә зал Хада адиректор Урыстәылатәи лколлегацәа рахь лхы рханы Аԥснытәи аспециалистцәа апанельтә дискуссиақәа радыԥхьаларазы аҳәара ҟалҵеит.
Лара лгәаанагарала, ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа рылахәхара акультурабжьаратә еимадарақәа рыҿиара акыр иацхраауеит. Аиԥылара рхы аладырхәит Урыстәыла акультура аминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Першини Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩбеи.