АЖӘАБЖЬҚӘА

28.Лаҵара.2025

550 млн. мааҭ иреиҳахеит 2025 шықәса ажьырныҳәамза инаркны лаҵарамза иахыԥхьаӡалоу атәанчахәқәеи аԥаратә цхыраагӡатәқәеи реицҵалыҵ.

Аҟәа. Лаҵарамза 28, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. 2025 шықәса ажьырныҳәамза инаркны лаҵарамза иахыԥхьаӡалоу атәанчахәқәеи аԥаратә цхыраагӡатәқәеи урҭ рыцҵақәеи реицҵалыҵ 551 млн. 671 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Абри азы адырра ҟаиҵеит Атәанчаҩратә Фонд ахантәаҩы  Денис Гылариа.

Уи иажәақәа рыла, ари аицҵалыҵ 2024 шықәсазы аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭазы иҟаз арбага аасҭа 82 млн. 201 нызықь мааҭ рыла еиҳауп.  

«Ашықәс алагара инаркны Атәанчаҩратә Фонд ахь аԥгаԥсатә шәатәқәа раҳасабала иалагалахаз аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 459 млн. 562 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит, уи  2024 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәхҭазы иҟаз арбагақәа раасҭа 55 млн. 253 нызықь мааҭ рыла еиҳауп», - ҳәа иҳәеит Денис Гәылариа.

Лаҵарамза 1, 2025 шықәсазы атәанчахәқәеи аԥаратә цхыраагӡатәқәеи зауа рхыԥхьаӡара  48 987-ҩык рҟынӡа инаӡон, уи  2024 шықәсазы аасҭа 320-ҩык рыла еиҳауп.

Атәанчахәқәа рахь ацҵақәа зауа рхыԥхьаӡара 14 903-ҩык рҟынӡа инаӡоит, уи  2024 шықәсазы аасҭа 1 412-ҩык рыла еиҳауп.

Ҳазҭоу ашықәс лаҵарамза 1 азы зфинансыркра мҩаԥгаз атәанчахәқәа реицҵалыҵ 360 млн. 458нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит, уи иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы аасҭа  7  млн. 129 нызықь мааҭ рыла еиҳауп.  

Ҳазҭоу ашықәс лаҵарамза 1 азы зфинансыркра мҩаԥгаз атәанчахәқәа рыцҵақәа реицҵалыҵ - 190 млн. 285  нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡон, уи 2024 шықәса, аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭазы аасҭа 74 млн. 961 нызықь мааҭ рыла еиҳауп.  

Аԥсыжразы аԥаратә цхыраагӡатәқәа реицҵалыҵ 928 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит, уи  2024 шықәса рзы аасҭа  109 нызықь мааҭ рыла еиҳауп.  

«2025 шықәс алагамҭа инаркны  зеицҵалыҵ 71 млн. 636 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡо ауал ашәара алыршахеит. Зынӡа аинкассатә напынҵақәа рыла 2025 шықәса, ажьырныҳәамза инаркны идыршәоуп  5 млн. 254  нызықь мааҭ», – ҳәа иазгәеиҭеит Денис Гәылариа.


Read 202 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.