АЖӘАБЖЬҚӘА

28.Лаҵара.2025

Амилаҭтә библиотека адиректор Борис Ҷолариа Урыстәылазегьтәи абиблиотекатә конгресс ихы алаирхәуеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 28, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 26 – 29 рзы Ижевск ақалақь — «Урыстәыла Абиблиотекатә ҳҭнықалақь - 2025» аҿы — Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 80-шықәса ахыҵра инамаданы, иара убас акыр зҵазкуа арыцхәқәа ҩба — Урыстәылатәи абиблиотекатә ассоциациа аԥҵара 30-шықәса ахыҵреи Урыстәылазегьтәи абиблиотекақәа Рымш 30-шықәса ахыҵреи ирызку Урыстәылазегьтәи Абиблиотекатә конгресс мҩаԥыслоит. Аконгресс атема хада: «Аиааира. Ҳанеицу еиҳа ҳаӷәӷәоуп» («Победа. Вместе сильнее»).

Аԥсны ахьӡала аконгресс аусура ихы алаирхәуеит И.Г. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә  библиотека  адиректор Борис Ҷолариа.

Ари аконгресс абиблиотекатә ус азҟазацәа рзы ашықәсан акыр зҵазкуа хҭысны иҟоу, абиблиотекақәа, анапхгаратә усбарҭақәеи апартниорцәеи рыбжьара аимадара ашьақәыргылареи арӷәӷәареи алзыршо платформаны иҟоу усмҩаԥгатәуп.  Ари аусмҩаԥгатә иарбоу аусхкы аҿы иреиӷьу аԥышәақәа рыла аимадара иацхраауеит.  

Аконгресс аҳәаақәа ирҭагӡаны иара убас иазԥхьагәаҭоуп Урыстәылеи ИАР рмилаҭтә библиотекақәа Рсаммити Урыстәыла-Индиатәи абиблиотекатә диалоги.

Борис  Ҷолариа аконгресс иалахәхара Амилаҭтә библиотека абиблиотекатә ус амилаҭтә еиԥш, жәларбжьаратәи аҩаӡара аҿы аҿиара азы инанагӡо акыр зҵазкуа ароль  аанарԥшуеит, ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит Аԥсны акультура Аминистрра аҿы. 

 

 


Read 207 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.