Убри аан Бадра Гәынба Аԥсны агәылацәа зегьы, Қырҭтәылагьы уахь иналаҵаны, ҭынч, иҭышәынтәаланы аизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара иадгылоит ҳәа иазгәеиҭеит. «Ҳара ҳзы ихадоу – ҳгәылацәа зегьы, Қырҭтәылагьы уахь иналаҵаны, ҭынч, иҭышәынтәаланы рыцынхара. Аха убри аан, Қырҭтәылеи ҳареи агәылеимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵаразы уи анапхгара хымԥада еилыркаароуп рҿаԥхьа ишгылоу ихьыԥшым аҳәынҭқарра. Қырҭтәыла ашьцылароуп Аԥсны ихьыԥшым ҳәынҭқарран ишыҟоу. Ари даараӡа иуадаҩу мҩоуп, аха иҟоу шыҟоу ахдырраҿы анагара аҭахуп. Ҳара ҳазну амҩа ҳацәхьаҵӡом!», – ҳәа иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба.