АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Лаҵара.2025

Олег Барцыц Иван Хиль Пинто Венесуела Иаку асоциалисттә партиа апарламенттәи арегионалтәи алхрақәа рҿы аиааира агара идиныҳәалеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Боливариантәи Ареспублика Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистр Иван Хиль Пинто лаҵара 25 рзы имҩаԥысыз апарламенттәи арегионалтәи алхрақәа рҿы Венесуела Иаку асоциалисттә партиа иагаз аиааира идиныҳәалеит.

 

Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп:

 

«Алхрақәа рылҵшәақәа иаадырԥшит Венесуела ажәлар, ауааԥсыра рхала рԥеиԥш аӡбара ахьрылшо, анҭыҵынтә ирзыҟарҵо жәларбжьаратәи ақәыӷәӷәарақәа ирыхьмырԥшыкәа атәыла анапхгара ихьыԥшым аҳәынҭқарра аҿиара аганахьала имҩаԥырго амҩа ишадгыло.

Аԥсны ахә ҳаракны иршьоит ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара акыршықәсқәа рыҩныҵҟа ишьақәгыланы иҟоу аусеицуреи,аиҩызаратә еизыҟазаашьақәеи, агәреибагареи. Арҭ аизыҟазаашьақәа ҳара ҳзы иҷыдоу аҵакы рымоуп.

Ҳара ҳазхиоуп аҩ-ганкгьы русеицура адгылара аҭара, уи анаҩстәи аҿиаразы иҳалшо зегьы аҟаҵара».

Олег Барцыц Венесуела ажәлар аҭынчреи аизҳазыӷьареи рзеиӷьеишьеит.


Read 162 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.