Sputnik аредактор Хада ихаҭыԥуаҩ, ааигәатәи аҳәаанырцә атәылақәеи Балтиеи рҿы иҟоу уи амультимедиатә центрқәа рдирекциа анапхгаҩы Андреи Благодыренко ажурналистцәа ақәҿиарақәеи аманшәалареи рзеиӷьаишьеит, убри аан уи амодуль азы еиҿкаахо алекциақәа зегьы анаҩс дара русура аҿы ирыхәоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
Амедиагәыԥ «Россия сегодня» аекспертцәа хәымш рыҩныҵҟа ажурналистцәа рԥышәа рымардалоит, ҳаамҭазтәи амедиа ихадоу ахырхарҭақәа рыла аҟазара-аклассқәеи аԥышәатә зыҟаҵарақәеиа мҩаԥыргалоит. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭахоит аинформациа ахыҵхырҭақәа аус рыдулара, асоциалтә ҳақәа рымҩаԥгареи атекст аструктура аиқәыршәареи. Сынтәа апроект алахәылацәа раԥхьаӡа акәны, апроект алахәхара аҳәаақәа ирҭагӡаны, рхала ателеграмм-каналқәа рымҩаԥгара рҽазыршәоит.