Абар игеит акыр иззыԥшыз аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы, ҷыдала аушьҭымҭацәа рыгәқәа зырхыҭхыҭыз, раԥхьаҟа урҭ аԥсҭазааратә мҩа ду рзыԥшуп, уи агәырӷьареи маҷк алахьеиқәреи зцу ацәыныррақәа узцәырнагоит – избан акәзар уи иаанаго бзиала ҳәа рауҳәоит ахәыҷра ашықәсқәа, арҵаҩцәа, ашкол иуцҭаз уҩызцәа.
Анаҩс аҵаҩцәа еизаз иддырбеит доусы ирылоу абаҩхатәра. Аныҳәа апрограмма аҿы иҟан акәашарақәа, бзиа ирбо рырҵаҩцәеи рышкол ашықәсқәеи аиҩызареи ирызку ажәеинраалақәа ирыԥхьеит. Аушьҭымҭацәа иҭабуп ҳәа рарҳәеит акыр шықәса аџьабаа рыдызбалоз рырҵаҩцәа. Уи еизаз зегьы ҳәарада ргәы арԥшааит.