АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 12:54

Аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы геит Б.У.Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №1 аҿы.

Аҟәа. Лаҵарамза 22, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Б.У.Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №1 аҿы игеит аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы. Актәи ашкол 2025 шықәсазы иалгеит 59-ҩык аушьҭымҭацәа.

Аушьҭымҭацәа дрыдныҳәаларц арахь дааит аҵара аминистр Хана Гәынба.

«Сара ашкол алгара шәыдысныҳәалоит. Ари шәара шәзы ныҳәа дууп. Аҳәынҭқарра аргылараҿы акыр зҵазкуа ароль ианакәызаалакгьы инарыгӡоит арҵаҩцәа. Ҳара урҭ иҭабуп ҳәа раҳҳәоит рџьабааи рычҳареи рзы. Шәара иахьа шәышьҭахьҟа иааншәыжьуеит зеиӷьаҟам, ҷыдала аԥхарра зҵоу аамҭа шьахә. Шәаԥхьаҟа ишәзыԥшуп аинтересс зҵоу аԥсҭазааратә мҩа ду. Ахаангьы ишәхашәмышҭын шәара афырхацәеи аиааирагаҩцәеи шәшырхылҵышьҭроу», - ҳәа илҳәеит Хана Гәынба.

Аминистр аушьҭымҭацәа раԥхьаҟа рнапы зларкуа аусқәа зегьы рҿы ақәҿиарақәеи аманшәалареи рзеиӷьалшьеит.

Ашкол  адиректор Нонна Делба убасҵәҟьа аушьҭымҭацәа дрыдныҳәало раԥхьаҟа акыр зҵазкуа аетап шырзыԥшу, зегьы гәык-ԥсыкала ақәҿиарақәа шырзеиӷьалшьо азгәалҭеит.

«Ашкол – ари дарбанызаалак ауаҩы иԥсҭазаараҿы акыр зҵазкуа аамҭа ауп. Араҟа ахәыҷқәа раԥхьаҟа анаҩстәи рҵарадырра азы ишьаҭаны иҟало ихымԥадатәиу адыррақәа роуеит, араҟа дара тәылауааны иҟалоит. Аҭаацәеи ашколи ахәыҷқәа ирыларааӡоит иреиӷьоу аҟазшьақәа: аиашара, ақьиара, аџьа абзиабара, аҭакԥхықәра», –  ҳәа илҳәеит Нонна Делба.    

Амаҭәартә олимпиадақәа ирылахәызи аиааира згази аҵара аминистр Хана Гәынба аҳаҭыртә шәҟәқәа раналшьеит.


Read 57 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.