АЖӘАБЖЬҚӘА

22.Лаҵара.2025

Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Мактина Џьынџьалԥҳа ашколхәыҷқәа аҵарашықәс ахыркәшара рыдылныҳәалеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 22, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Мактина Џьынџьалԥҳа ашколхәыҷқәа аҵарашықәс ахыркәшара рыдылныҳәалеит.

«Шәышьҭахьҟа иаанхеит аҵара, аурокқәа, аԥышәаратә усурақәа, аԥышәарақәа рыла игәылҭәааз амзқәа. Шәара шәахысит ари акыр зҵазкуа аетап, иаашәырԥшит шәдыррақәеи шәбаҩхатәрақәеи.

Шәаԥхьаҟа ишәзыԥшуп акыр шәыззыԥшыз аԥхынтәи аԥсшьарамшқәа – аԥсшьара, ацәанырра ҿыцқәа, хра злоу аемоциақәа раамҭа. Ибзианы ари аамҭа шәхы иашәырхәа: аҭыԥ ԥшӡақәа шәырҭаа, аинтересс зҵоу ашәҟәқәа шәрыԥхьала, аспорт шәхы азышәк, шәҭаацәеи шәҩызцәеи шәызхара шәеибабала. Иааиуа аҵарашықәс ҿыц азы аихьӡара ҿыцқәа рзы  шәымчқәа еизыжәга!

Ижәдыруаз, шәара зегьы доусы аҟыбаҩ шәылоуп. Шәылшарақәа рыгәра жәгала, шәаԥхьа ишәыргыло ахықәкқәа нашәыгӡала. Аԥсшьараамҭа бзианы ишәхыжәгааит!»– ҳәа иазгәаҭоуп адныҳәалара аҿы.


Read 128 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.