АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 1:13

Аҳәынҭқарра Ахада азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа рыхшыҩ азишьҭит русеицура арӷәӷәара аҭахны ишыҟоу.

Аҟәа. Лаҵарамза 21, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра  аилацәажәара мҩаԥигеит азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа алархәны.

Уи иалахәын Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Ешба Беслан, Анапхгаҩы Актәи Ихаҭыԥуаҩ Шамба Дмитри, Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ  Лолуа Рауль, Апрокурор Хада Агрба Адгәыр, Аԥыза – аминистр Ихаҭыԥуаҩ,  аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Киут Роберт, Аҳәынҭқарратә Шәарҭадара Ахеилак ахантәаҩы Дбар Дмитри, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра  Арҩышьыгатә маҭәашьарқәа рхылаԥшразы аусбарҭа анапхгаҩы Ԥачалиа Асҭамыр.

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит  ахәынҭқарратә усбарҭақәа реилазаара ҿыц анышьақәыргылахалак анаҩс, азинхьчаратә усбарҭақәа налаҵаны, ацәгьоура иаҿагыланы ақәԥара арӷәӷәаразы апланқәа шазгәаҭатәу.

Амчратә еилазаарақәа рнапхгаҩцәа Ахада изеиҭарҳәеит атәылаҟны акриминогентә ҭагылазаашьа зеиԥшроу, уи иаҿагыланы ақәԥаразы ирыдыркыло ауснагӡатәқәа ауаажәларратә шәарҭадара ахьчаразы. Азҿлымҳара хада арҭеит изакәаным арҩышьыгатә маҭәашьарқәа реикәыршара. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра азгәаҭақәа рыла, аҵыхәтәантәи хәышықәса иалагӡаны анаркотикатә маҭәашьарқәа раларҵәареи рыҭиреи рзы  иаанкылоуп, насгьы ашьауӷатә ус иақәыршәоуп 153-ҩык, хҩык рыԥшаара мҩаԥысуеит. Иазгәаҭоу аамҭазы ирымхуп:

  – 18 кг инареиҳаны асинтетикатәии аԥсихотроптәи наркотикқәа;  – 45 кг инареиҳаны аҵиаатә хылҵшьҭра змоу анаркотикатә хархәагақәа;  – 24 нызқь шьапы арҩышьыгазлоу аҵиаақәа. 

Ахада Иусбарҭа иадҵоуп анаркотикатәии аԥсихотроптәии маҭәашьарқәа реикәыршара иаҿагыланы ақәԥара арӷәӷәара иазку азинтә актқәа разырхиара. 

Бадра Гәынба Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба инапы ианиҵеит арҩышьыга маҭәашьарқәа реикәшара аҿагылареи анаркотикатә хьыԥшызаара ахәышәтәреи рызҵаарақәа рзы инарҭбааны аилацәажәара амҩаԥгара.

Бадра Гәынба ААР анапхгара иадиҵеит акурорттә аамҭа аламҭалазы аусура арӷәӷәара. Ахада адҵа ҟаиҵеит аҳәынҭқарратә автономтә дыргақәа иҷыдоу рсериа ахархәаразы аԥҟара ахьарбо анормативтә акт азырхиара. 

Аҳәынҭқарра Ахада азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа рыхшыҩ азишьҭит русеицура арӷәӷәара аҭахны ишыҟоу. 

Аҳәынҭқарра Ахада ирыдиҵеит аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рыҟны анаркотикатәи аԥсихотроптәи маҭәашьарқәа рхархәара инамаданы хымԥада агәаҭарақәа рымҩаԥгаразы 2015 шықәса лаҵарамза 21 аҟнытә Аминистрцәа реилазаара Ақәҵара анагӡара алыршара.

Аилацәажәараҟны ирылацәажәеит егьырҭ азҵаарақәа жәпакы.

 

 

 

 

 

 


Read 39 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.