АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 0:48

1888-ҩык Аԥснытәи ашколқәа роушьҭымҭацәа рзы игоит аҵыхәтәантәи аҵәҵәаҩбжьы.

Аҟәа. Лаҵарамза 22, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа, лаҵарамза 22 рзы,  Аԥсны ашколқәа зегьы рҿы игараны иҟоуп аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы.  Сынтәа Аԥсны 153 школ рҿы 1888-ҩык аушьҭымҭацәа ыҟоуп.

Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №10 хҩык аҵаҩцәа ахьтәы медал аиуразы иқәгылоуп.

Лаҵарамза 27 инаркны рашәарамза 20 аҟынӡа имҩаԥыслоит аушьҭратә ԥышәарақҵәа.

Зхыԥхьаӡара 2500-ҩык иреиҳау актәи акласс аҵаҩцәа рҵара хырқәшахеит лаҵарамза 16 рзы.

500-ҩык ахәыҷқәа анольтә класс ҳәа изышьҭоу аҽазыҟаҵаратә класс иалгеит.

1300-ҩык инареиҳаны ахәыҷбаҳчақәа ироушьҭымҭацәахеит.  

 

 


Read 28 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.