Акыр иаԥсоу аушьҭымҭацәа!
Гәык ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит дасу шәыԥсҭазаараҟнеиԥш, ҳтәыла зегьы азы аҵак ду змоу ахҭыс – хара имгакәа ашкол аҟны шәҵара хыркәшаны, аԥсҭазаара ду ахь, аизҳара шәназго амҩа шәанылоит.
Ари ашьаҿа еиуеиԥшым азанааҭқәа рыҟны ашьақәгыларазы, иреиҳау аҵараиурҭақәа рыҟны аҵаразы алшарақәа рыла иҭәу аамҭа ҿыц иасимволуп.
Агәра ганы сыҟоуп доусу шәыгәҭакқәа здышәҳәаларц шәҭаху азанааҭқәа ралхразы қәҿиарала ари амҩа шәшаныло.
Урҭ Аԥсны аизҳазыӷьаразы ҳаԥхьаҟатәи аихьӡарақәа шьаҭас ишроуа.
Ижәдыруазарц ҳҭахуп, ҳара ҳашрызгәдуу ихьӡырҳәагоу ҳҿар, Ҳаԥсадгьыл Аԥсны аҿиареи, аизҳареи ирымадоу шәгәыхәтәы анагӡаразы иҳалшо зегьы шыҟаҳҵало.
Акыр иаԥсоу аушьҭымҭацәа! Абри аныҳәамш азы ишәзеиӷьасшьар сҭахуп зегьы хаҭа-хаҭала ақәҿиарақәа! Шәыԥсҭазаара хҭыс бзиала, иааирала, насыԥла иҭәызааит!
Мҩамш шәанылааит!