АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 8:42

Аҳәынҭқарра Ахада атуризм азы аминистр ҿыц аколлектив дыдирдырит.

Аҟәа. Лаҵарамза 21, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра  атуризм азы аминистр ҿыц аколлектив дыдирдырит.

Аҳәынҭқарра Ахада атуризм азы аминистрра аколлектив анапхгаҩ ҿыц — Асҭамыр Логәуа дыдирдырит.

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит Асҭамыр Омар-иԥа имоу анапхгаҩ иҧышәа, уи ари ахырхарҭа арҿиаразы иамоу аҵакы.  «Атуризм — Аԥсны аекономика арҿиараҟны ихадароу ахырхарҭақәа ируакуп. Сара агәра згоит Асҭамыр Логәуа иԥышәа ихы иархәаны ари аусбарҭа даҽа ҩаӡарак ахь ашьҭхыра шилшо. Иҭабуп ҳәа расҳәоит аколлектив имҩаԥнагаз аусуразы, сгәы иаанагоит аминистр ҿыц адгылара ишәҭап ҳәа», —  иҳәеит Бадра Гәынба.

Асҭамыр Логәуа Аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа иеиҳәеит ииҭаз агәрагаразы, иҳәеит ԥасатәи анапхгара аусураҟны иамаз аԥышәа бзиақәа еиқәырханы,  ҳаамҭазтәи ашәарҭарақәеи аҭахрақәеи ҳасаб рзуны, атуристтә хырхарҭа арҿиара ишалаго.   

 


Read 93 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.