АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Лаҵара.2025

Адгәыр Агрба Аԥсны Аҳәынҭқарра Апрокурор хадас даҭоуп.

Аҟәа. Лаҵарамза 21, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аԥсны Аҳәынҭқарра Апрокуратура хада аколлектив дыдирдырит еиҭа напхгаҩыс иаҭоу Адгәыр Агрба. Ари акандидатура Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны еицҿакны ишьақәырӷәӷәан.

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит Адгәыр Ныгәзар-иԥа аусбарҭаҟны акыр шықәса аус залиухьо ала, аколлектив аҟны ибзианы дшырдыруа. «Апрокуратура хада ҷыдала аҭакԥхықәра адуп. Шәара шәусура атәылаҟны азакәан ақәныҟәара, аԥсҭазаара ахаҭабзиара аиӷьтәра, атәылауаа ршәарҭадара ралыршара иазкуп.  Агәра згоит Адгәыр Ныгәзар-иԥа арҭ ахықәкқәа рынагӡара ишазикуа изанааҭтә ҟазшьа аҷыдарақәа зегьы», – иаҵшьны иҳәеит Гәынба  Бадра. 

Агрба Адгәыр Аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа иеиҳәеит ирҭаз агәрагаразы, ари ҭакԥхықәра дууп, избан акәзар, рҿаԥхьа иқәгылоуп зымҽхак дуу, зыдкылара аҭаху аҵак ду змоу азыӡбақәа. «Апрокуратура аусзуҩцәа рыпрофессионализми рԥышәа дуи ҳасаб рзуарала, агәра згоит азакәани азинтә леишәеи рырӷәӷәаразы аусура аиҿкаара шҳалшо», - ҳәа  иҳәеит Апрокурор хада Адгәыр Агрба.

 


Read 331 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.