АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 9:51

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра аколлектив дыдирдырит Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩ ҿыц Боџьгәуа Баграт.

Аҟәа. Лаҵарамза 21, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Боџьгәуа Баграт Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩыс даҭоуп

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба  Бадра  аколлектив дыдирдырит  Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩ ҿыц Боџьгәуа Баграт.

Акыршықәсатәи  иусуразы Ҳаразиа Вадим иҭабуп ҳәа иаҳәо, аҳәынҭқарра  Ахада иазгәеиҭеит ҳҳәынҭқарреи ҳажәлари рҿаҧхьа иқәгылоу азҵаара хадақәа ишыруаку арепатриациа аус. "Ҳажәҩахыр еибыҭаны, ҳахшыҩ еилаҵаны, бзиа ибаны  ҳазнеироуп", - иҳәеит Бадра Гәынба.

Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ԥасатәи анапхгаҩы Вадим Николаи-иԥа   аколлектив иҭабуп ҳәа реиҳәеит русеицуразы,   ахантәаҩ ҿыц   аихьӡарақәа  изеиӷьеишьеит.

 

 


Read 96 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.