Зынаииаратә лшарақәа ԥку зықәрахь инеихьоу ауаа рзы ҷыдала еиҭаҵуа агәыԥқәа русура еиҿкаауп. Урҭ атәынчаҩы иҩнаахьы инеины ахсаалагақәа рызнаргоит. Агәыԥқәа амҽыша аламҵакәа, есыҽны аус руеит.
Бжьаратәла уахәаԥшуазар, есыҽны ПСБ ареспублика аиланхарҭатә раионқәа 10 рыҟны 700-800 рҟынӡа ахсаалагақәа рыҭара мҩаԥнагоит.
Абанк ПСБ ахсаалагақәа реиқәыршәареи рыҭареи мҩаԥысуеит абарҭ аҭыӡҭыԥқәа рыла иҟоу Аԥсны Аҵәахырҭатә банк 12 ҟәша рыҟны:
– ақ. Аҟәа, Ешба имҩа, аҩ.№167.
– ақ. Аҟәа, Аиааира Апроспект, аҩ.№ 84.
– ақ. Аҟәа, Лакоба имҩа, аҩ.№4.
– ақ. Гагра, Абазгаа рымҩа, аҩ.№55/4.
– ақ. Пицунда, Гыцба имҩа, аҩ.№3.
– ақыҭа Цандрыԥшь, Октиабртәи амҩа, аҩ.№242.
– аҳабла Бзыԥта, Лакоба имҩа, аҩ.№10.
– ақ. Гәдоуҭа, Чачба имҩа, аҩ.№3.
– ақ. Афон Ҿыц, Ҳаразиа имҩа, аҩ.№2.
–аҳабла Агәыӡера, Курчатов ипроспект, аҩ.№27.
– ақ. Очамчыра, Б.У. Шьынқәба имҩа, аҩ.№97.
–ақ. Ҭҟәарчал, Аԥсилаа рымҩа, аҩ.№5.
Абанк ПСБ абанктә хсаалага ахархәара аганахьала ауадаҩрақәак цәырҵызар абри аҭел ала адҵаалара хымԥадатәиуп 4444 (аимадара иааиԥмырҟьаӡакәа уахи-ҽни имҩаԥысуеит, Ареспублика Аԥсны иахьаҵанакуа амобилтә ҭелқәа рыла уасыр алшоит), Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи уасуазар абри аҭел аномер –8 800 333 03 03 ахь уасыр ауеит.
Абанк ПСБ апресс-маҵзура.