Аҟәа. Лаҵарамза 16, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба (14.05.1945 – 04.03.2010 шш.) диижьҭеит 80-шықәса аҵра иазкхоит лаҵарамза 18 – Жәларбжьаратәи амузеиқәа рымш аҽны имҩаԥгахо акциа «Аҵх амузеи аҟны».
Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә Арратә Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны асааҭ 17:00 рзы иаатуеит ари аиубилеитә рыцхә иазку ацәыргақәҵа. Иара уаҟа ицәыргахоит ААУ афилологиатә факультет а-3 акурс астудентцәа атема «Владислав сгәаҿы дыҟоуп» ала еиқәдыршәаз аессе. Амузеи уахьыныҩнало ахыбра аҿаԥхьа иубар алшоит аекспонат хада – В.Г.Арӡынба имаҵуратә автомашьына ГАЗ-24-10.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аетнографиатә ҟәша аҿы асааҭ 18:00 рзы иаатуеит ацәыргақәҵа «Ҳара зегьы ахәыҷра ҳалҵит».
Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Алитература-мемориалтә музеи аҿы асааҭ 19:00 рзы Владислав Арӡынба изкны ҷыдала апрограмма еиҿкаахоит: афотоцәыргақәҵа, агәалашәарақәа рыхәылԥаз, иара убас еизаз идырбахоит Ибрагим Ҷкадуа иҭихыз адокументалтә фильм «Владислав Арӡынба – аполитик, адипломат».