АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 4:29

Аҟәатәи абжьаратәи ашкол № 2 аспортзал шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара цәыббрамза акы аламҭалаз ихыркәшахоит.

Аҟәа. Лаҵарамза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи абжьаратәи ашкол № 2 аҿы аспортзал шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара цәыббрамза 1 аламҭалазы ихыркәшахоит, ҳәа адырра ҟаиҵеит Шьаҭанкыла аргыларазы Аусбарҭа аиҳабы Демир Гамисониа.

«Аусурақәа хацыркын 2024-тәи ашықәс азы, урҭ рхыркәшара азԥхьагәаҭан 2024-тәи ашықәс анҵәамҭазы, аха афинансыркра аганахьала ицәырҵыз аԥкрқәа  ирыхҟьаны, аусурақәа рыцҵара алыршахеит ҳазҭоу ашықәс азы.

Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делба инапынҵала, иарбоу аобиект иааиуа аҵарашықәс ҿыц аламҭалазы ахархәарахь ирыҭахоит», - ҳәа иҳәеит Демир Гамисониа.

Уи иажәақәа рыла, уажәазы аспорт зал аҿы аҩычаратә усурақәа мҩаԥысуеит.

«Ирацәаны иауаз ақәоурақәа ирыхҟьаны ахыбра аҿаԥшыларатә ган шьаҭанкыла ирҽеитәхоит.

Ахыбра арҽеиратә усурақәа рыхәԥса 12,5 миллион мааҭ ыҟоуп.

Уахь иаҵанакуеимт азал, аҽыкәабарҭақәа, аҽеиҭакра уадақәа шьаҭанкыла реиҭашьақәыргылара, адашьма аԥсахра, ажәакала, шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара», - ҳәа иҳәеит Демир Гамисониа.   

 


Read 50 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.