Аҳәынҭқарра Ахада еизаз иргәалаиршәеит атурнир амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара аԥыза ду, атәыла Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба игәалашәара ахьӡала ишымҩаԥысуа.
«Арҭ амшқәа рзы ҳара иазгәаҳҭоит ҳара уажәтәи ҳаԥсҭазаареи уаҵәтәи ҳԥеиԥши рзы зыԥсҭазаареи згәабзиареи иамеигӡаз ауаҩы диижьҭеит 80-шықәса аҵра. Сара агәра ганы сыҟоуп иара ихьӡ наунагӡа ҳажәлар аҭоурых аҿы ишаанхо», – ҳәа иҳәеит иара.
Бадра Гәынба инаҵшьны иазгәеиҭеит арҭ амшқәа рзы Аԥсны ишазгәарҭо иара убас зықьҩыла Аԥсны аҵеицәа злахәыз, 17 нызықьҩык ахьҭахаз Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 80-шықәса ахыҵра.
«Ҳара ҳаҭырла урҭ ҳгәалаҳаршәоит. Сара агәра ганы сыҟоуп анаҩстәи зуснагӡатәқәа анхареи аҿиареи рзы алшара ҳазҭаз ауаа ргәалашәара анаунагӡара ишазырхахо», – ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Лаҵарамза 17 рзы имҩаԥгахоит атурнир афиналбжа, лаҵарамза18 рзы – афинал.
Атурнир аиҿкаара рхахьы иргеит - асоветтәи, урыстәылатәи ашьапылампыласҩы, азыҟаҵаҩ Каро Бостанџьиани жәларбжьаратәи атурнир аиҿкааратә кормитет ахантәаҩы Лаура Шаровеи.