АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 1:37

Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аветеранцәа Рассоциациа 10-шықәса ахыҵит.

Аҟәа. Лаҵарамза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 15 рзы 10-шықәса ахыҵит Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аветеранцәа –1992-1993 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра иалахәыз Рассоциациа.  

400-ҩык инареиҳаны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра иалахәын.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киути Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәеи ахылаԥшырҭа адәаҿы ишьақәыргылоу 1992-1993шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Ассоциациа аиубилеи иазку аныҳәатә еилатәара ихы алаирхәит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба.

Аилатәара аартуа, Роберт Киут аветеранцәа, анапхгара аусбарҭақәа рхаҭарнакцәеи ауаажәларреи дрыдныҳәалеит.

«Ҳаҭыр зқәу аветеранцәа, еицеибышьуаз, аҩызцәа! Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахьӡала, хаҭала сара сыхьӡала гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра автеранцәа - 1992-1993 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра иалахәыз Рассоциациа  10-шықәса ахыҵра амш.  

Ари баша-маша рыцхәӡам, ари шәара шәфырхаҵара аҵакдура, шәдоуҳамч аӷәӷәара, шәуалԥшьа ламысла анагӡареи Аԥсадгьыл ахь ишәымоу абзиабареи зырҵабыргуа аамҭахәҭа ауп.  Ҳажәлар рзы еиҳа иуадаҩыз аамҭақәа рзы аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа аусзуҩцәа Ареспублика Аԥсны асуверенитети ахьыԥшымреи рыхьчаразы рахьа игылаз иреиуоуп.

Шәара абџьар кны аӷа шәиҿагылеит, атыл аҿы арратә хыдҵақәа нашәыгӡон, аибашьра аҭагылазаашьақәа рҿы азинеиҿкаареи аҭышәынтәалареи рышьақәыргылара азы аус шәуан. Уи зегьы хьыӡла-ԥшала инашәыгӡон. Ассоциациа иҳаҩсыз  10-шықәса рыла аҿар рпатриоттә, рлеишәатә, рҭоурыхтә ааӡара иузаҟәымҭхо иадҳәалахеит. Шәара иҭахаз ргәалашәара анаунагӡатәра ахьӡала шырратә ҩызцәа шәрыцхраауеит, атәыла ауаажәхларратә ԥсҭазаара активла шәалахуп, абиԥарақәа реимадара арӷәӷәара аҿы хәызмаӡам шәлагала алашәҵоит», – ҳәа иҳәеит иара.

Еизаз рҿаԥхьа дықәгыло, Ассоциациа ахантәаҩы Аслан Дгьебиа иҳәеит:

«Ҳара иахьа абраҟа ҳаизеит ҳара зегьы ҳтәыла азы ихымԥадатәины иҟаҵатәыз аныҟаҳҵоз амш азгәаҳҭарц. Уи 33 шықәса раԥхьа иҟалеит, усҟан аӷа ҳтәыла дақәлеит, уи ажәлар раккупациеи рықәхреи хықәкыс иҟаҵаны.  Усҟан Аԥсны жәлар рыԥсадгьыл ахьчаразы ианыҩагыла, урҭ лакҩакрада иаарывагылеит амилициа аусзуҩцәагьы. Агәымшәареи афырхаҵареи аарԥшуа, амилициа аусзуҩцәа, аԥсуа жәлар зегьы реиԥш ҳаԥсадгьыл аӷа иҟынтәи ахы иақәиҭтәо аиааира Амш дырааигәон». 

Ԥхьатәара иҟоу аполициа аинрал-маиор Геннади Шимик Шәача аветерантә еиҿкаара анапхгараҭара ахьӡала адныҳәаларатә цҳамҭа даԥхьеит:

«Ари акыр зҵазкуа аныҳәамш аҽны ҳара гәк-ԥсыкала Ареспублика Аԥсны аибашьра иалахәыз аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа аветеранцәа зегьы шәеиҿкаара аиубилеитә рыцхә рыдаҳныҳәалоит. Ари аныҳәа лаша  шәара зегьы шәзы хәызмаӡам аҵакы амоуп. Шәара инашәыгӡаз аусура, жәаҳәарада, ауалԥшьеи ахьӡ-аԥшеи аазырԥшуа ауп. Шәара шәыԥсҭазааратә ԥышәаеи шәзанааҭтә ҟазареи иахьатәи аҭагылазаашьақәа рҿы акырӡа ихәарҭоуп. Аветеранцәа ирзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, агәамч, аԥеиԥш лаша азы агәрагара, ашықәснҵыра ду».

 

 

 

 


Read 31 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.