Афильм аԥҵоуп аилазаара «Аҟәафон» адгыларала. Уи ахаҭарнак Ҭемыр Гәыргәылиа ишазгәеиҭаз ала, акиносахьа аполитик, аҵарауаҩ Владислав Арӡынба иԥсҭазаараҿы акыр зҵазкуаз аетапқәа аанарԥшуеит. Ҭемыр Гәыргәылиа иажәақәа рыла, иарбоу акиносахьа аҿы иаарԥшу ахҭысқәа аҭоурых ацашьа рыԥсахит.
«Владислав Арӡынба – аицамкреи, агәаӷьреи аҟәышреи рсимволны даанхоит наунагӡа аԥсуа жәлар рзы. Аԥсны азы зегьы реиҳа иуадаҩыз аамҭаақәа раан иара изхылҵыз рабацәеи рабдуцәеи рыдгьыл ахьчаразы, амилаҭтә ҟазшьаҷыдара аиқәырхареи ҳҳәынҭқарра ашьаҭаркреи рзы ажәлар ргәышьҭыхра илшеит», - ҳәа иҳәеит иара.
Ҭемыр Гәыргәылиа игәаанагарала афильм зыжәлар ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы афырхаҵаратә мҩа ахь икылызгаз Владислав Арӡынба инаигӡаз ароль ахьынӡаҳаракыз даҽазнык аилкаареи азхәыцреи рзы алшара ҳанаҭоит.
Амузыка автор Анри Гәымба абжьы аус адулараан иара згәамчи зҟәыӷареи зыхарахәыцреи иахьа уажәраанӡа аӡәырҩы зыршанхо Владислав Арӡынба иԥсҭазаара аҭоурых аҽагәылахалара иҽазишәон ҳәа еиҭеиҳәеит.
«Иара инырра аамҭа иагәылсны уажәгьы уажәшьҭангьы иҳацуп, имҩақәҵагаха, игәышьҭыхгаха. Сара сзы, аус ицызуаз зегьы рзы ари адоуҳамч еиҵагыло аҿар рымадара акырӡа аанагоит. Ҳара насыԥ ҳаман Владислав лабҿабара ибара, изыӡырҩра, сгәанала ихымԥадатәиуп иахьатәи аҿар убасҵәҟьа иара иидеиақәеи ипринцыпқәеи рхы-ргәы аҟынӡа инеиртә аҟаҵара. Уи адоуҳамч иамоу агәыцә ҳԥыза ду иус ацҵара зылшо абиԥара бзиа аиҵааӡара алнаршоит», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Арежиссиор Ҭемыр Кәакәасқьыр, Илахҿыху Еиҵамхо Реилазаара (КВН) Иреиҳаӡоу алига ачемпион еиҭеиҳәеит Владислав Арӡынба ианиаамҭаз акоманда «Аԥснытәи Нарҭаа («Нарты из Абхазии») акыр ирацәаны ацхыраара шриҭоз атәы. «Ҳара есымша Владислав Григори-иԥа иҿаԥхьа аҭакԥхықәра дуӡӡа ҳадны ҳхы ҳаԥхьаӡон. Сара исыздырӡом иара ҳара зегьы иҳадибалаз, аха игәрагара даара амотивациа ду ҳанаҭон. Иара ижәлар рыгәра игон, убасҵәҟьа ижәларгьы иара игәра ргон!» – ҳәа иажәа хыркәшо иҳәеит Ҭемыр Кәакәасқьыр.