Аҟәа. Лаҵарамза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра-зинтә политика азы апарламенттә Еилакы иааиуа Апарламент асессиа аҿы Аԥсны апрокурор Хада имаҵураҭыԥ ахь Адгәыр Агрба икандидатура ахәаԥшразы рыбжьы арҭеит.
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсны Аҳәынҭқарра апрокурор Хада икандидатура ықәиргылеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ахәҭаҷ 76, "Аԥсны Аҳәынҭқарра Апрокуратуразы" Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан ахәҭаҷ 12 инарықәыршәаны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахәаԥшразы иқәиргылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра апрокурор Хада имаҵураҟны иаҭаразы Агрба Адгәыр Нугзар-иԥа икандидатура.
Убри инамаданы, лаҵарамза 15 рзы Жәлар Реизара-Апарламент аҿы аҳәынҭқарра-зинтә политика азы апарламенттә Еилакы аилатәара мҩаԥысит. Уи мҩаԥигеит Аилак ахантәаҩы Дауҭ Хәытаба.
Аилак аиалатәара рхы аладырхәит Аизара Аиҳабы Лаша Ашәба, адепутатцәа, Апарласент аҿы Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭарнак Баҭал Аибеи апрокурор Хада имаҵурахьы акандидат.
Ԥхынҷкәынмза 2, 2019 шықәса рзы Адгәыр Ныгәзар-иԥа Агрба апрокуро Хада имаҵурахьы даҭан.
Апрокурор хада имаҵураҭыԥ иаҭареи иамхреи алшоит Жәлар Реизара аҳәынҭқарра ахада иҟаиҵаз абжьгарала, хәышықәса аҿҳәара иҭаны.