Қырҭтәыла ашьцылароуп Аԥсны ихьыԥшым ҳәынҭқарран ишыҟоу ҳәа иҳәеит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба. Иара ишазгәеиҭаз ала, ари акурс Владислав Григори-иԥа Арӡынба инапхгарада имҩаԥысуаз амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара ашықәсқәа раангьы ишьақәгылахьан, уи уажәгьы уажәшьҭангьы ԥсахрада иаанхоит. Бадра Гәынба инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны аибашьреи аиҿагылареи шырҭахым, аха атәылаҿы аицәажәареи аҭышәынтәалареи рышьақәгылара ишадгыло. Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла иҟоу аҵабырг еилкааны амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра ашьҭахь ауп Аҟәеи Қарҭи рыбжьара аиҿцәажәара аналаршахо.