Баграт Шьынқәба ибаҟа амҵан ашәҭқәа рышьҭаҵара анаҩс, апоет ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №1 аҵаҩцәа апоет иажәеинраалақәа ирыԥхьеит.
Баграт Уасил-иԥа Шьынқәба диит 1917 шықәса лаҵарамза 12 рзы Очамчира араион, Ҷлоу ақыҭан. 1926 шықәсазы дҭалоит Ҷлоутәи алагарҭатә школ, далгоит 1928 шықәсазы. 1930 диасуеит Џьгьиардатәи быжь-шықәсатәи ашкол ахь. Абраҟа ҵарашықәск анынаигӡа, дцоит Аҟәаҟа, дҭалоит Аҟәатәи арҵаҩратә техникум. Уи далгоит 1935 шықәсазы. Иара убасҟан 1935 рзы, дҭалоит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә Институт абызшәеи литературеи рыҟәша. Абраҟа иҵара анихыркуша, 1939 шықәсазы, Баграҭ Шьынқәба дҵоит Қарҭҟа, дрыдылкылоит Қырҭтәылатәи анаукақәа Ракадемиа иатәу Абызшәаҭҵаара аинститут аспирантураҿ. 1941 шықәсазы, аибашьра ианалага, аамҭала Аԥсныҟа дхынҳәуеит, зны аус иуеит рҵаҩыс, нас агазеҭ «Аԥсны Ҟаԥшь» аредакциа аҿы, Аԥсуа институт аҿы, Ашәҟәҩҩцәа Реидгылаҿы. 1943 шықәсазы ҩаԥхьа Қарҭҟа дхынҳәуеит, дызҭаз аспирантураҿ иҵара наигӡоит иагьхиркушоит 1944 шықәсазы. Афилологиатә наукақәа дыркандидатуп.
Апоезиеи алитературеи Шьынқәба иԥсҭазаараҿы ихадоу аҭыԥ шааныркылозгьы, иара ибаҩхатәра ахьааԥшыз уа мацара акәӡам. Избанзар иԥсҭазаара зегь зызкыз – иԥсадгьыл Аԥсны амаҵ аура акәын. Иара анырра ду иман атәыла ауаажәларратә, аполитикатә ԥсҭазаараҿы. Баграт Уасил-иԥа Шьынқәба еицырдыруа «Ахҩык рысалам шәҟәы» авторцәа дыруаӡәкуп. Жәабранмза 25, 1947 шықәса рзы Б.У. Шьынқәбеи Г.А. Ӡиӡиариеи К.С. Шьаҟрыли Асоветеидгылазегьтәи абольшевикцәа ркоммунисттә партиа Акомитет Хада (ЦК ВКП(б)) амаӡаныҟәгаҩ А.А. Кузнецов ихьӡала ашәҟәы рыҩҩит. Ари ашәҟәы аҿы дара ианырҵеит аԥсуа жәлар рзинқәа рырмачреи уи акультура ақәхреи ирыдҳәалаз афактқәа ртәы. Аҵарауаа Гьаргь Ӡиӡариеи Константин Шьаҟрыли (абызшәадырҩы, иналукааша аԥсуа культура аусзуҩ – аред.) иареи еиқәдыршәаз ашәҟәаҿы ианырҵеит аԥсуа жәлар ркыдцалара ишаҿу, Аԥсны «ақырҭуатәра» ҩ-напыкала ишымҩаԥысуа, абас иҟоу аҭагылазаашьаҿы аԥсуа милаҭ ҿиашьа шамам. Усҟантәи аамҭазы абас еиԥш ашәҟәы аҩра зегьы ирзыгәаӷьуамызт, ашәарҭара ацын, авторцәагьы уи бзианы еилыркаауан. Аха Шьынқәбеи, Ӡиӡариеи, Шьаҟрыли ҿымҭкәа изавсуамызт аԥсуаа дара рыԥсадгьыл аҿы изымӷьацо, рхатәы бызшәала изымцәажәо, аҵара рзымҵо иахьыҟалаз, аиҳабыратә ҭыԥқәа рахь милаҭла иаԥсыуоу зынӡа иахьынармышьҭуаз. Ари ашәҟәы даараӡа иргәамԥхеит усҟан иавтономтәыз Аԥсны аиҳабыреи, Қырҭтәыла акомпартиа анапхгареи, уи авторцәа акритика ӷәӷәа рзыруит, ахара ду рыдырҵеит. Иарбоу ашәҟәы иахҟьаны уи авторцәа анаҩс ӷәӷәала рахьырхәра иашьҭалеит.
Б.У.Шьынқәба акьыԥхь аҿы дцәырҵуеит 1935 шықәса инаркны. 1953-1958 шықәсқәа рзы Баграт Шьынқәба Аԥснытәи Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла напхгара азиуеит.
1958-1979 шықәса рзы Аԥснытәи АССР Иреихаӡоу Асовет Апрезидиум дахантәаҩуп.
1967 Баграт Шьынқәба Аԥсны жәлар рпоет ҳәа аҳаҭыр хьӡы ианаршьоит.
1959, 1978, 1984 шықәсқуа рзы Асовет Еидгыла Иреиҳаӡоу Асовет ашҟа депутатс далырхуеит, 1989 шықәсазы – Асовет Еидгыла жәлар рдепутатс. Баграт Шьынқәба дакадемикуп; ихҵоуп Кабарда-Балкариеи Адыгьеиаи жәлар рышәҟуҩҩы ҳәа ахьӡ. Ипоезиатә рҿиамҭакуа рзы иажәеинраалоу ироман «Ахра ашәа» ианашьоуп Д.И. Гәлиа ихьӡ зхыу Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә премиа. 1970 шықәсазы Баграт Шьынқәба далахәын Мадиартәыла имҩаԥысыз Европатәи апоетцәа рфорум.
1992–1993 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа ашьҭахь шықәсқәак рыҩныҵҟа иара Ареспублика Аԥсны Ахада иҟны еиҿкаах Ауаажәларратә Совет напхгара аиҭон.
Баграт Шьынқәба раԥхьатәи иажәеинраалақәа акьыԥхь рбоит 1935 шықәсазы: апоет қәыԥш 18 шықәса заҵәык роуп ихыҵуа, аха ажәеинраалақәа рыҩра далагеижьҭеи хәыҷык ҵуеит. Иҩуеит ихаҭа, еиҭеигоит аклассик дуцәа. Афилологиатә наукақәа рдоктор Валентин Кәаӷәаниа иажәақәа рыла, еицырдыруа алитератураҭҵааратә тезис – апоезиа аиҭагара ауӡом ҳәа зҳәо, Шьынқәба дықәныҟәомызт. Убас, 17 шықәса зхыҵуаз аҷкәын, ишьахәны аԥсшәахь еиҭеигоит Пушкин иажәеинраала «Ашәҭ». Анаҩс, иара еиҭеигон Гиоте, Геине, Баирон уҳәа убас егьырҭгьы апоет дуқәа раԥҵамҭақәа (ателеканал «Абаза» аинтервиу аҟнытә - аред.).
Баграт Шьынқәба раԥхьатәи иажәеинраалақәа реизга, 1938 шықәса© Баграт Шьынқәба имузеи архив аҟынтә
Раԥхьатәи аизга (1938 ш.), «Раԥхьатәи ашәақәа» ҳәа хьӡыс измаз аҭыҵра инаркны еилкаахеит автор ишилоу аӡәгьы иламҩашьо апоезиатә баҩхатәра. Ари аизга ианылаз ажәеинраалқәа реиҳарак, Шьынқәба иҩит 13-20 шықәса анихыҵуаз аамҭазы. Иахьазы, урҭ аԥсуа литератураҿы иреиӷьӡоу апоезиатә аԥҵамҭақәас иԥхьаӡоуп, иаҳҳәап – «Аԥхыӡ», «Кәафҭа шкәакәа», Шьардаамҭа», «Амҳаџьырцәа ргарашәа».
Шьынқәба илитературатә баҩхатәра аамҭа цацыԥхьаӡа иаҳа-иаҳа еизҳауан, аҽарҭбаауан. Ажәеинраалақәа рыдагьы иҩуа далагоит абалладақәа, апоемақәа, жәлар рфырхаҵа Кьахь Ҳаџьараҭ изку иажәеинраалоу ироман «Ахра ашәа» акәзар, аԥсуа ԥхьаҩцәа даара ргәы иақәшәеит, иахьанӡагьы бзиа еицырбо арҿиамҭақәа ируакуп, акртикцәагьы ари ароман бзианы ирыдыркылеит. Абри арҿиамҭоуп шьаҭас иаиуз 1975 шықәсазы Довженко ихьӡ зху акиностудиа иҭнажьыз асахьаркыратә фильм «Хҭырԥа шкәакәа».
Шьынқәба апрозахь акыр ихьшәаны диасит уҳәар ауеит, 60-тәи ашықәсқәа раан. Ашәҟәыҩҩы акрызҵазкуа ипрозатә ҩымҭақәа ирхыԥхьаӡалатәуп иавтобиографиатә роман «Ахаҳә еиҩса».
Баграт Шьынқәба ихадоу ипрозатә ҩымҭаны иҟалеит хы-хәҭак рыла ишьақәгылоу аҭоурыхтә-философиатә роман «Ацынҵәарах». Адунеи абызшәақәа жәпакы рахь еиҭагоу (ҩынҩажәа бызшәа раҟара – аред.) ари ароман раԥхьаӡа акәны ажурнал «Алашара» аҟны икьыԥхьын 1974 шықәсазы.
2017 шықәсазы Баграт Шьынқәба диижьҭеи шәышықәса аҵра азгәаҭараан ароман «Ацынҵәарах» иаԥхьеит еиуеиԥшым абызшәақәа рыла, ахы инаркны аҵыхәанӡа, адунеи атәылақәа жәпакы рҟны – Аԥсуа телехәаԥшра имҩаԥнагаз апроект «Ацынҵәарах. Аԥхьара» аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Баграт Уасил-иԥа иара убас хынтә ианашьан «Аџьатә Абираҟ Ҟаԥшь» аорден (орден «Трудового Красного Знамени») – 1958 ш., 1971 ш., 1973 ш.
1966 шықәсазы иара ианашьан Ленин иорден. 1967 шықәсазы Баграт Шьынқәба Баграт Шьынқәба Аԥсны Жәлар рпоет ҳәа ахьӡ ихҵоуп, иара убасгьы Ҟабарда-Балкариеи Адыгатәылеи Жәлар рышәҟәыҩҩы ҳәа дшьоуп, ароман «Азра ашәа» азы Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа далауреатуп. 1988 ш. – Асоциалтә џта Афырзаҵа ҳәа ахьӡ ианашьан. Иара ианашьан «Ахьӡ-Аԥша» аорден I-тәи аҩаӡара. 1997шықәсазы Баграт Шьынқәба Аԥсны анаукақәа Ракадемиа академикс далхын.
Апоет иԥсҭазаара далҵит 2004 шықәсазы, 88 шықәса дшырҭагылаз. Аҟәа, адраматә театр авараҿы, Баграт Шьынқәба анышә дахьамадоу, 2010 шықәсазы иргылан иара ибаҟа. Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №1, иара убас Ҷлутәи абжьаратәи ашкол аԥсуа литературоа аклассик ихьӡ ахҵоуп. Лаҵарамза 14, 2007 шықәса рзы апоет иқыҭа гәакьа Ҷлоу иаатит Б.У. Шьынқәба Иҩны–амузеи.