Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа азгәаҭара иазкын Аҟәа ақалақь, Леон Имҩаду аҟынтәи иалагаз амаланыҟәатә еиԥхныҩлара.
Амаланыҟәарныҟәцаҩцәа рымҩа хан Аҟәа ақалақь Ахадара ахыбра ахьгылоу аҟынтәи Аладатәи Ешыра иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал аҟынӡа.
Акциа 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амшныҳәа 29-шықәса ахыҵра азгәаҭара иазкуп.
«Ҳара имҩаԥааго акциа рхы аладырхәуеит 50-ҩык инарзынаԥшуа ауаа. Аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәа – Аԥсны амаланыҟәцаҩцәа реилазаареи Аԥсны аҿари аспорти рзы Аҟәа ақалақь Ахадара аусбарҭеи роуп. Ҳара ас еиԥш амаланыҟәатә еиԥхныҩларақәа уажәаԥхьагьы изныкымкәа имҩаԥаагахьеит. Ҳаԥхьаӡагьы ҳара ари есышықәсатәи атрадициа анагӡара ҳгәы иҭоуп.
Алада Ешыра ақыҭан иҟоу В. Г. Арӡынба Имемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа ашьҭахь, ҳара С.У.Багаԥшь ихьӡ зху аплошьад ахь ҳхынҳәуеит. Араҟа акциа зхы алазырхәыз зегьы агәаларшәагатә ҳамҭақәа ранашьахоит», - ҳәа еиҭеиҳәеит амаланыҟәатә еиԥхныҩлара аиҿкааҩцәа ируаӡәку Леван Габелиа.