АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Цәыббра.2022

АИААИРЕИ АХЬЫԤШЫМРЕИ РЫМШНЫҲӘА АЗГӘАҬАРА ИАХКНЫ АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АТӘЫЛАХЬЧАРА АМИНИСТРРА АПАРАДТӘ ГӘЫԤҚӘА АНЫҲӘАТӘ ШЬАҾЕИҚӘШӘАЛА РЫИАСРА МҨАԤЫСИТ.

Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа азгәаҭара инамаданы, Аҟәа ақалақь, Ахьӡ–Аԥша апарк иаваршәны инеиуа амҩаду ала атәылахьчара Аминистрра апарадтә гәыԥқәа аныҳәатә шьаҿеиқәшәала рыиасра мҩаԥысит.   

Апарад идикылеит атәылахьчара аминистр, аинрал-полковник Владимир Ануа. Аныҳәатә шьаҿеиқәшәала аиасра напхгара аиҭон атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ, аинрал-полковник Беслан Ҵәыџьба.

Аныҳәатә ыиасра рхы аладырхәит Аԥсны атәылахьчара Аминистрра  Акомандаҟаҵара-ԥшыхәратә центр актәии аҩбатәии абаталионқәа, Акомендантә рота, Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьармчқәа аруаа, атәылахьчара Аминистрра афицартә еилазаара, атәылахьчара Аминистрра иатәу иҷыдоу азкызаара змоу Хазы игоу аотриад, Аҟәатәи Иреиҳаӡоу азеиԥшарратә командаҟаҵаратә Ҵараиурҭа акурсантцәа, Иреиҳаӡоу амилициа ашкол акурсантцәа, аҳәынҭқарратә амиграциатә Маҵзура аруаа, Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә отриади аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзуреи аруаа, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа афедералтә шәарҭадара Амаҵзура (ФСБ) Аҳәаахьчаратә Усбарҭа аруаа, Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылахьчара Аминистрра арратә оркестр.   

Аидгылара амҩала шьаҿеиқәшәала ииасит 600 –ҩык инареиҳаны Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьармчқәа рыруаа.  


Read 393 times - Асабша, 01 Жьҭаара 2022 19:12
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.