Гәынба Бадреи Владимир Путини ирылацәажәараны иҟоуп ҩ-ганктәи аусеицура азҵаарақәа жәпакы.
Лаҵарамза 9 рзы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин иҟаиҵаз ааԥхьарала Гәынба Бадра Москва Ашҭа ҟаԥшь аҟны апарад далахәхоит.
Аҟәа. Лаҵарамза 6, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 10 рзы Москва имҩаԥысраны иҟоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадреи Урыстәыла Ахада Владимир Путини реиԥылара.
Ари ашықәс аҩныҵҟа ҩынтәуп ҩ-ҳәынҭқаррак рхадацәа хаҭала реиԥылара мҩаԥысуеижьҭеи.