АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Лаҵара.2025

Бадра Гәынба аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Ауаҩы изинқәа рзы азинмчы змоу иинститути констркутивла русеицуреи реимадареи дадгылоит.

Аҟәа. Лаҵарамза 6, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Бадра Гәынба Ауаҩы изинқәа рзы азинмчы змоу Қьышьмариа Анас дидикылеит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Ауаҩы изинқәа рзы азинмчы змоу Қьышьмариа Анас дидикылеит. Аиԥылараан азҵаарақәа жәпакы инарҭбааны ирылацәажәеит.

Анас Қьышьмариа Аҳәынҭқарра Ахада адырра илҭеит аҵыхәтәантәи ашықәс азы имҩаԥгоу аусура, иара убас АА аҟны Ауаҩы изинқәа рзы азинмчы змоу иҿаԥхьа иқәгылоу иуадаҩу азҵаарақәа рзы. 

Бадра Гәынба аиԥылараҟны адырра иоуит Аԥсны абахҭақәа ргәаҭарақәа рылҵшәақәа рзы. Аиԥылара иалахәыз алацәажәеит атәылауаа аԥсихиатриатә цхыраара рыҭара иацу апрблемақәа, аҭаацәара-бзазаратә мчымхарақәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа, иара убас Урыстәылатәи Афедерациа адгьылҵакыраҟны атәылауаа асоциалтә цхыраагӡақәа роура инамадны иҟоу ауадаҩрақәа.

«Ҳара зегьы хықәкык ауп иҳамоу, уи – ҳауаажәлар реизҳазыӷьаразы атәыла арҿиароуп. Абри инамаданы аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Ауаҩы изинқәа рзы азинмчы змоу иинститути констркутивла русеицуреи реимадареи шьақәыргылалатәуп», –   иҳәеит Гәынба Бадра. Ахада иаҵшьны иҳәеит аинформациа аимдареи актуалра змоу азҵаарақәа рышьҭыхреи иамоу аҵакы атәы. 

Анас Қьышьмариа илҳәеит атәыла анапхгареи аусбарҭеи конструктивла русеицура дшазхиоу. Иазгәалҭеит Ахада Аԥсны ауаҩы изинқәеи ихақәиҭрақәеи рызҵаарақәа рзы адырра иҭара иамоу аҵакы.

«Ауаҩы изинқәа рзы азинмчы змоу аинститут, егьырҭ аҳәынҭқарратә еиҿкаарақәагьы реиԥш, атәылауаа рзинқәа рыхьчара иазкызароуп.  Иҳәатәуп, Урыстәылатәи Афедерациа анапхгара хшыҩзышьҭра ду шанаҭо ари азҵаарагьы Ауаҩы изинқәа рзы азинмчы змоу аус ицурагьы. Ҳара ҳусура аиҿкаараан аҵыхәтәантәи аҩышықәса рыҩныҵҟала урыстәылатәи ҳколлегацәеи ҳареи ҳусеицура алҳаршеит», – лҳәеит Қьышьмариа Анас. Иара убас иазгәалҭеит Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәеи Ауаҩы изинқәа рзы азинмчы змоу аинститути рыбжьара аусеицура лыҵшәа аманы ишымҩаԥысуа.  

 

 

 


Read 76 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.