Иахьа, аспорт афестиваль аартра Аиааира Ду 80 ш. ахыҵра аназгәаҳҭо аамҭа иақәшәоит. Асовет мчра хыбгалеижьҭеи иахьа уажәраанӡа ас еиҧш иҟоу аспорт афестиваль ҳҳәынҭқарраҟны имҩаҧымсӡац. Убри аҟнытә исымоу аҭагылазаашьа схы иархәаны, даҽазныкгьы ишәыдысныҳәаларц сҭахуп аспорт азҟазацәа, аспорт аветеранцәа гәык-ҧсык ала ҳҳәынҭарра ахьӡ ҭызго ҳауаажәлар рхаҭарнакцәа. Иҭабуп даараӡа!».
Ахада иара убас аспорт, акультура, адоуҳа амилаттә еидгылара шьаҭас ишамоу азгәаҭаны, ирылаиҳәеит аспорттә уаажәларра адгылара аҭара иазку аԥшьгара атәы.
«Иахьа сара снапы аҵазҩит жәларбжьаратәи аренаҟны Аԥсны иахаҭарнакцәаны иқәгыло, аихьӡарақәа змоу аспортсменцәа 30-ҩык рзы есымзатәи агрант азы аусԥҟа. Ас еиԥш адгылара аҭара шықәсык аҩныҵҟа имҩаԥыслоит. Сгәы иаанагоит шәара аӡәырҩы ари алшара шәхы иашәырхәап ҳәа аихьӡара ҿыцқәа раарԥшразы», - иазгәеиҭеит Ахада.
Аҳәынҭқарра Ахада иажәа хыркәшо, аусмҩаԥгатә иалахәыз даҽазныкгьы афестиваль аартра рыдиныҳәалеит, ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, ақәҿиарақәа. «Ари аныҳәа иӷәӷәоу, еизҳазыӷьо ҳ-Аԥсадгьыл аргылараҟны шьаҿаны иҟалеит», - ҳәа иациҵеит Гәынба Бадра.
Аусмҩаԥгатә иара убас иалахәын Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан, Аԥыза-министр Делба Владимир, аиҳабыра алахәцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа.
Прочитано 212 раз. Последнее изменение 06.05.2025
Источник: https://apsnypress.info/ru/home/novosti/item/15524-badra-gunba-privetstvoval-uchastnikov-i-gostej-festivalya-sporta
© АПСНЫПРЕСС.
Абх. Абх. Абх. Абх. Абх. Абх.
Аҟәа. Лаҵарамза 6, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.