АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 23:01

Бадра Гәынба: аерман жәлар ргеноцид иалаӡыз хашҭра рықәымзааит.

Аҟәа. Мшаԥымза 24, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра агеноцид иалаӡыз аерман жәлар лахьеиқәрала игәалаиршәеит.

«Иахьа ҳара аерман жәлар ргеноцид иалаӡыз лахьеиқәрала ианаҳгәалаҳаршәо иамшуп.

Усҟантәи атрагедиатә мшқәа раан аӡәырҩы ирызгәакьаз рҭыҧқәа аанырмыжьыр ада ҧсыхәа аныҟамла, хеиқәырхагас ирзыҟалаз Аԥсны иаднакылеит.

Ахҭыс хлымӡаахқәа рнаҩс ишьақәгылаз аермантә еилазаара ҳтәыла иузаҟәымҭхо иадҳәалахеит. Урҭ рхылҵшьҭрақәа ҳ-Аҧсны аҩбатәи ҧсадгьылны ирзыҟалеит.

Аермантә еилазаара аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылареи аҿиареи активла иалахәуп.

1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Баграмиан ихьӡ зхыз абаталион Аԥсны ахақәиҭразы ақәԥараҟны агәымшәареи афырхаҵара аанарԥшит. Урҭ рахьтә аӡәырҩы ҳтәыла ахьыԥшымра рхы ақәырҵеит.

Ахҭыс хлымӡаахқәа ирылаӡыз хашҭра рықәымзааит, абиԥара ҿыцқәа ас еиԥш аҭоурых иҳаднагалаз аԥышәарақәа ирхаанымхааит», -ҳәа иаҳәоит аҳәамҭа аҿы.  


Read 162 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.