АЖӘАБЖЬҚӘА

24.Мшаҧы.2025

Мшаԥымза 24 – Османтәи аимпериа аҿы аерман жәлар ргеноцид иалаӡыз ргәалашәара амш ауп.

Аҟәа. Мшаԥымза 24, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Мшаԥымза 24  – Османтәи аимпериа аҿы аерман жәлар ргеноцид иалаӡыз ргәалашәара амш ауп.

Актәи адунеизегьтәи аибашьра аламҭалазы Османтәи аимпериа аҿы иқәынхон ҩ-миллион-ҩык инареиҳаны аерманцәа. Аерман ҭоурыхҭҵааҩцәа рдыррақәа рыла, 1915-1923 шықәсқәа рзы Османтәи аимпериаҿы инырҵәан 1,5 миллионҩык аерманцәа, миллионбжак рҟынӡа мчыла иԥсылманыртәит, ма еиуеиԥшым атәылақәа рахь ахҵәара рықәырҵеит.

Османтәи аимпериа аҿы рхатәы ҩнқәа ааныжьны ихҵәаны имцар ада ԥсыхәа змауз, зхәыҷқәеи дареи рыԥсҭазаарақәа еиқәырхо жәанызқьҩыла аерманцәа Аԥсныҟа иааит.  Аԥсуа жәлар арыцҳара ду иақәшәаз ауаа гәаартыла ирыдыркылеит, ирылшоз ала ацхыраара рырҭеит. Агеноцид иацәынхаз аерман жәлари урҭ рхылҵшьҭрақәеи Аԥсынтәыла ҩныс, иара убас иҿыцу ԥсадгьылны ирзыҟалеит. Урҭ иахьа аԥсуа ҳәынҭқарра аҿиара иалахәуп.

Аҟәа ақалақь аҿы Османтәи аимпериа аҿы агеноцид иалаӡыз аерманцәа ргәаладыршәоит. Агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа ирылагоит асааҭ 9 рзы  О. Туманиан ихьӡ зху абжьаратәи ашкол №9 ахыбраҿы. Агеноцид иалаӡыз ргәалашәара аҳаҭыр азы ацәашьқәа адыркуеит. Ашкол аҵаҩцәа  110-шықәса раԥхьа иҟалаз атрагедиатә хҭысқәа ирызку ажәеинраалақәа ирыԥхьоит.

Ашкол аҿы имҩаԥгахо амитинг ашьҭахь уи иалахәыз зегьы амшын ахь инеины агеноцид иалаӡыз ргәалашәара ахьӡала ашәҭқәа аӡы ихырҵоит.  

Асааҭ 14:00 рзы Гагра ақалақь аҿы иҟоу Аерманцәа рапостолтә уахәама Сурб Аменапркич аҿы Аԥсны иқәынхо аерманцәа рдоуҳатә анцәамаҵуҩы Тер Седрак (Азнавуриан) иҭахаз рыԥсы арҭынчра иазкны Анцәа имҵаныҳәара мҩаԥигоит. Анаҩс ауахәама адәаҿы алахьеиқәҵаратә митинг мҩаԥгахоит.

___

Османтәи аимпериа аҿы аерманцәа ргеноцид иалаӡыз ргәалашәара амш есышықәса, мшаԥымза 24 рзы иазгәарҭоит.

Османтәи Ҭырқәтәыла аерманцәа хықәкыла рықәхра ХIХ ашәышықәса ахыркәшамҭаз ишалагахьазгьы,  мшаԥымза  24  амемориалтә рыцхә аҳасабала алхра машәыршақә иҟамлаӡеит. Ари амш аҽны, 1915 шықәсазы Сҭампыл ақалақь аҿы иаанкылан, анаҩс ишьын  800-ҩык аерман интеллигенциа ахаҭарнакцәа.  Убас, зеиҳарак усҟан Мраҭашәаратәи Ермантәыла иқәынхоз аерман жәлар аентеллектуалтә елита рӷьырак рыԥхеит. Уи инашьҭархны аерманцәа рышьреи рхырҵәареи иадҳәалаз ахҭысқәа лассы-ласы иҟало иалагеит. Уи анаҩс аерманцәа Ргеноцид ҳәа ахьӡ аиуит.

Традициала ари амш аҽны миллионҩыла аерманцәеи урҭ ргәырҩа рыцеиҩызшо адунеи егьырҭ атәылақәа рҟынтәи ажәларқәа рхаҭарнакцәеи 1,5 миллион-ҩык рҟынӡа, усҟан адунеи зегьы иқәырхо аерманцәа зегьы рхыԥхьаӡара аҟынтәи абжаҩык  рыԥсҭазаара ҿахызҵәаз агеноцид иалаӡыз ргәаладыршәоит.

Еиқәханы иаанхеит мацара Урыстәылатәи аимпериа аерманцәеи егьырҭ ахԥатәи атәылақәа рахь ицаз аерманцәа-ахҵәацәеи. 

Есышықәса ари амш аҽны Ереван ақалақь аҿы шә-нызықьҩыла ауаа амемориалтә хәы ахь ихаланы Иҿымцәаауа амца амҵан атиульпанқәеи аҟәышәҭынқәеи арашәҭқәеи шьҭарҵоит.

Аерманцәа ргеноцид азхазҵаз атәылақәа рахь иаҵанакуеит Австриа,  Аргентина,  Ермантәыла,  Бельгиа,  Болгариа,  Боливиа, Бразилиа,  Ватикан, Венесуела,  Германиа, Бырзентәыла, Италиа, Канада, Кипр, Латвиа, Ливан, Ливиа, Литва, Лиуксембург, Нидерланды, Парагваи, Польша,  Португалиа, Урыстәыла, Шьамтәыла,  Словакиа,  Еиду Америкатәи Аштатқәа,  Уругваи,  Франциа, Чехиа, Чили,  Швеицариа, Швециа. Аерманцәа ргеноцид азхарҵеит Европа Ахеилак, Европатәи Апарламент, амилаҭ маҷқәа рыхьчареи рдискриминациа аԥхьырҟәҟәаареи рзы Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Акомиссиаеиҵа, Адунеизегьтәи ауахәамақәа Рхеилак, Аладатәи Америка атәылақәа Рпарламенттә коалициа, Лаҭынтәи Америка Апарламент.

Аерман жәлар рҭоурых аҟны итрагедиатәу арыцхә мшаԥымза 24  – агеноцид иалаӡыз ргәалашәара амш ауп. Адевиз «Иаҳгәалашәоит адҵагьы ықәҳаргылоит» раԥхьаӡа акәны иҟаҵан 2015 шықәсазы, аерманцәа ргеноцид 100-шықәса ахыҵра амш аҽны. Иара убасҟан Аермантә Апостолтә Уахәама ала ари ацәгьоура хлымӡаах иалаӡыз рканонркра  мҩаԥган.  

 

 

 

 

 


Read 82 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.