«Иахьа ашьыжь Бадра Зураб-иԥеи сареи аныҟәцаҩцәа зегьы Краснодартәи атәылаҿацә ахь имцаларц азы Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра иалнахыз аҭыԥ ҳахәаԥшит, ушьҭа абра, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ахыбраҿы, Урыстәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ААИ аусуҩцәа аус рулоит», – ҳәа иҳәеит иара.
Сергеи Кириенко Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владлимир Путин Урыстәылатәи атәылауаҩра, мамзаргьы анхаразы азин змоу Аԥсны атәылауаа аныҟәцаратә зин рыҭараз ирмариоу аԥҟара азы инапы зҵаиҩыз аусԥҟа Бадра Гәынба инапы иаиркит.
«Владимир Путин Урыстәылатәи атәылауаҩра, мамзаргьы анхаразы азин змоу Аԥсны атәылауаа аныҟәцаратә зин рыҭараз ирмариоу аԥҟара азы Аусԥҟа инапы аҵаҩит. Урыстәылатәи аныҟәцаратә зин аиуразы иаҭахуп: арзаҳал, Урыстәылеи Аԥсни атәылауаҩшәҟәқәа, Аԥснытәи амашьынаныҟәцаратә зин.
Арныҟәцаратә зинқәа Аԥсны аҩныҵҟа ирырҭар алыршахар ҟалоит Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иаԥнаҵо азин змоу аусзуҩцәа рылагьы.
Аԥснытәи амашьынаныҟәцаратә зинқәа зыҿҳәара мцац, Урыстәыла амч амазаауеит азакәанԥҵара аиҭакрақәа алагалахаанӡа.
Роберт Киут атәылауаа арныҟәцратә зиншәҟәқәа рыҭара аҽҳәарақәа рзы адыррақәа ианаамҭоу рыҭара алыршахоит хымԥада ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба ари ашьаҿа Аԥсны атәылауаа рзы акырӡа зҵазкуа хра злоу усуп ҳәа иазгәеиҭеит.
«Аиашазы, Владимир Путин ихьӡала Аԥснытәи амашьынаныҟәцаратә зиншәҟәқәа рыла Урыстәылатәи Афедерациа аҵакыраҿы аныҟәараз аҿҳәара анаскьагаразы аҳәара дәықәҵан, аха сара издыруеит Шәара хаҭала ари ахырхарҭала азҵаара аӡбара ахылаԥшра шашәҭоз», - ҳәа Сергеи Кириенко иахь ихы рханы иҳәеит Бадра Гәынба.
Ҭҟәапстәи амуниципалтә округ Шәача ақалақь амаҵзура азы амҩатә шәарҭадара аҳәынҭинспектор Дмитри Резеньков иажәақәа рыла, уажәы аҟәшеиҵақәа рҿы арныҟәцаратә зиншәҟәқәа рыҭараз ирмариоу аԥҟара азы аусура мҩаԥысуеит.
«Аԥснытәи амашьынаныҟәцаҩцәа абаџь ашәареи амедицинатә гәаҭара ахысреи рҟынтәи рхы иақәиҭтәуп.
Аусԥҟа амч аиуеит иахьа инаркны, насгьы амч амазаауеит 2026 шықәса мшаԥы акы аҟынӡа», - ҳәа иҳәеит Сергеи Кириенко.