Аҟәа. Мшаԥымза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Нхыҵ Уаԥстәыла Апарламент Аиҳабы Ҭеимураз Тускаев диԥылеит.
Лаша Ашәба асас иҭабуп ҳәа иаиҳәеит Бадра Гәынба Аҳәынҭқарра Ахада имаҵура иахагылара иазку аусмҩаԥгатә алахәхаразы аамҭа ԥшааны дахьааз.
«Ҳара ҳзы уи акырӡа аанагоит. Аԥсуааи ауаԥсааи наџьнтә аахыс хра злоу аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьоуп, еидызкылогьы даара ирацәоуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы.
Аԥсны Жәлар Реизара азхиоуп Нхыҵ Уаԥстәыла азакәанԥҵаратә мчра аус ацулара ҳәа иҳәеит Лаша Ашәба.
Ҭеимураз Тускаев Лаша Ашәба иҭабуп ҳәа еиҳәеит Бадра Зураб-иԥа Гәынба иҭоубашьҭаҵара иазкыз аусмҩаԥгатә алахәхаразы ииҭаз ааԥхьара азы.
— «Сара сзы ҳаҭыр дууп ареспублика анапхгара ахьӡала, милаҭрацәала еилоу нхыҵуаԥстәылатәи ажәлар зегьы ахьӡала Аԥсны Ахадеи ажәлари ари акыр зҵазкуа аполитикатә хҭыс рыдныҳәалара азы исоуз алшара», – ҳәа иазгәеиҭеит иара.
«Аԥсны жәлари Нхыҵ Уаԥстәыла ажәлари ашәышықәсақәа ирықәлоу атрадициақәа рыла еидҳәалоуп, ашәышықәсақәа раахыс аизыҟазаашьа бзиақәа еимардоит», – ҳәа инаҵшьны иҳәеит Ҭеимураз Тускаев.