АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Цәыббра.2022

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА ОЧАМЧЫРА АРАИОН МЫҚӘ АҚЫҬАН ЖӘЛАР РНЫҲӘАТӘ УСМҨАҦГАТӘ ДАҬААИТ.

Аҟәа.  Цәыббрамза 29, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Очамчыра араион Мықә ақыҭан жәлар рныҳәатә усмҩаԥгатә даҭааит.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира амшныҳәа аламҭалазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа жәлар рныҳәеи аҽырҩрақәеи ахьымҩаԥысуаз. Мықә ашҭа даҭааит.

Аҳәынҭқарра Ахада ицын Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы - Лаша Ашәба, Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, Аиҳабыра алахәылацәа, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа.

Аҽырҩратә еицлабра рхы аладырхәит атәыла иреиӷьыз аҽырхәмарыҩцәа. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихраҿа даԥсахеит Ҭемыр Чхабелиа.


Read 420 times - Аԥшьаша, 29 Цәыббра 2022 18:59
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.