АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Цәыббра.2022

АСЛАН БЖЬАНИА: «ИАХЬА ДАҼА ААМҬАНЫК ЕИԤШЫМКӘА ИАҬАХУП АИДГЫЛАРА, АЖӘҨАХЫР ЕИБЫҬАРА АԤСНЫ АИЗҲАЗЫӶЬАРА АХЬӠАЛА ҲАЗЕГЬЫ ҲАИДГЫЛАРАЛА ХЫҚӘКЫ ХАДАС ИҲАМОУ – ҲАЖӘЛАР АԤЕИԤШ, АНАСЫԤ РЫМАНЫ ИҾИО АҞАҴАРА ҲАЛШОИТ.

Аҟәа .  Цәыббрамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Цәыббрамза 30 рзы  1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 29 шықәса ахыҵит. Ари амш аҽны Аԥсны иазгәарҭоит Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш.  

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ауаажәлар зегьы, раԥхьаӡа иргыланы аветеранцәа ари аныҳәамш рыдиныҳәалеит.

«Ари аҽны ҳара иаҳгәалаҳаршәоит ҿыц игыло абиԥарақәа рԥеиԥш лаша ахьӡала игылаз, уи зхы ақәызҵаз, фырхаҵарала иҭахаз зегьы. Урҭ рыхьӡ кашәара ақәым! Ахааназы ргәалашәара лаша ҳацзаауеит Аԥсны аизҳазыӷьаразы зхы иамеигӡаз зегьы хаҭа-хаҭала», - ҳәа иазгәаҭоуп Аҳәынҭқарра Ахада аԥсуа жәлар рахт иҟаиҵаз адныҳәалара атекст аҿы.

Аслан Бжьаниа иуаажәлар аҭынчреи аизҳазыӷьареи ахирреи рзеиӷьаишьеит.

*** АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АСЛАН БЖЬАНИА АИААИРЕИ АХЬЫԤШЫМРЕИ РЫМШНЫҲӘА ИНАМАДАНЫ ИҞАИҴАЗ АДНЫҲӘАЛАРА

Ҳаҭыр зқәу ҳауажәлар! Ҳаҭыр зқәу аветеранцәа! Акыр иаԥсоу аҩызцәа!

Ишәыдысныҳәалоит милаҭрацәала еилоу ҳажәлар зегьы рзы аныҳәақәа ирныҳәоу – Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш!

413 ҵхи-мши еихсыӷьрада ицон Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра. Ари аибашьра иаҳцәалаӡит иреиӷьыз ҳҵеицәа, арԥарцәа, аҭыԥҳацәа. Еиҭаҳәашьа амам Аԥсны ахьчаҩцәа иаадырԥшыз афырхаҵара. 

Ҳфырхацәа, ҳаибашьцәа ирыбзоураны Аԥсны ақәӡаара иацәыхьчан, еиқәырхан.

Аԥсуа жәлар ирывагылан жәҩахыреибыҭарала егьырҭ ажәларқәа рхаҭарнакцәагьы, Аԥсадгьыл ахьчаразы игылеит ҳџьынџьуаа – амҳаџьырқәа рхылҵшьҭрақәа.

Хаз ҷыдала иалыскаар сҭахуп Нхыҵ Кавказ аҟнытә иаҳзааз хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа. Аԥсуаа ахаан ирхашҭраны иҟаӡам ҳашьцәа адыгақәа, ачерқьесцәа, абазақәа, ауаԥсаа, аҟабардақәа, аингәышцәа, ачеченцәа, даӷьысҭанаа, уҳәа егьырҭ ажәларқәа рхаҭарнакцәа рфырхаҵара.

Ахә ашьара уадаҩуп ақырҭуа фашизм аҿагылараҟны, аиааира аагараҿы шәара шәгәымшәара, шәыгәаӷьра.

Аԥсуа архәҭақәа ирылагыланы фырхаҵарыла еибашьуан Алада Урыстәыла аказакцәа, Урыстәыла егьырҭ арегионқәа рыҟнытә хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа, хьӡи-ԥшеи згым Донбасси Приднестровиеи рҵеицәа.

Аиааира Амш – ахьааи агәырӷьареи зцу ныҳәоуп. Ари аҽны ҳара иаҳгәалаҳаршәоит ҿыц игыло абиԥарақәа рԥеиԥш лаша ахьӡала игылаз, уи зхы ақәызҵаз, фырхаҵарала иҭахаз зегьы. Урҭ рыхьӡ кашәара ақәым! Ахааназы ргәалашәара лаша ҳацзаауеит Аԥсны аизҳазыӷьаразы зхы иамеигӡаз зегьы хаҭа-хаҭала.

Иахьа даҽа аамҭанык еиԥшымкәа иаҭахуп аидгылара, ажәҩахыр еибыҭара Аԥсны аизҳазыӷьара ахьӡала. Ҳазегьы ҳаидгыларала хықәкы хадас иҳамоу – ҳажәлар аԥеиԥш, анасыԥ рыманы иҿио аҟаҵара ҳалшоит.

Акыр иаԥсоу ҳауаажәлар! Иԥшьоу абри аныҳәа аҽны ишәзеиӷьасшьоит аҭынчра, аизҳазыӷьара, ахирра.

Ҽаанбзиала шәнеиааит!

Шьардаамҭа Аԥсынра!

 

Аҳәынҭқарра Ахада А.Гь.Бжьаниа. Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2022 шықәса.


Read 454 times - Аҩаша, 13 Ԥхынҷкәын 2022 17:21
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.